Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра: "Спутника V" аиҭалаҵаҟаҵараз ихәарҭоуп

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от COVID-19 в ЦУМе
Вакцинация от COVID-19 в ЦУМе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2021
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Урыстәыла аҳәамҭа ҟарҵахьан аиҭалаҵаҟаҵараз "Спутник V" ашьҭахь аҽа лаҵак ахархәара аҭаххоит ҳәа.

АҞӘА, рашәара 9 — Sputnik. Урыстәылатәи алаҵақәа "Спутник V", "Спутник Лайт" аиҭалаҵаҟаҵараз хра рыманы рхархәара алшоит, аԥхьанатә дара рыла алаҵаҟаҵара мҩаԥыргахьазаргьы ҳәа азгәарҭеит Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрраҿы.

""Спутник V", "Спутник Лайт" – аиҭалаҵаҟаҵараз хра рыманы рхархәара алшоит, аԥхьанатә дара рыла алаҵаҟаҵара мҩаԥыргахьазаргьы. Иахьазы алаҵа "Спутник V" 97,6% хра аманы иҟоуп", – ҳәа азгәаҭоуп аминистрра апресс-маҵзура аҳәамҭаҿы.

Уаанӡа аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Гриднев Аҳәынҭқарратә Думаҿ иқәгылараан иҳәахьан аиҭалаҵаҟаҵараз "Спутник V" ашьҭахь аҽа лаҵак ахархәара аҭаххар ҟалоит ҳәа. Уи – "КовиВак" ма "ЭпиВакКорона" ракәхар алшоит иҳәеит иара.

Аҭҵаарадырреи атехнологиақәеи Сколковтәи ринститут апрофессор Дмитри Кулиш аиҭалаҵаҟаҵара атәы далацәажәеит.

Вакцинация от коронавируса в Казахстане - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2021
Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр алаҵа "Спутник V" шаҟа иаԥсоу иҳәеит

"Алаҵа ҟазҵаз зегьы ахьчара рмоур алшоит. Аиҭачымазарақәа аҭыԥ шрымоу аабоит. Убри азы "Спутник V" ашьҭахьтәи аиҭалаҵаҟаҵара "КовиВак" ала иҟаҵатәуп. Абри ашьҭахь хымԥада ихьчо ауаа ҳауеит", - иҳәеит Кулиш.

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалахьеит алаҵақәа ԥшьба: "Спутник V" Гамалеи ихьӡ зху Ацентри РФПИ-и еицыҟарҵеит. Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭарҩыз акәхеит. Жьҭаарамзазы иҭанаҩит даҽа лаҵакгьы - "ЭпиВакКорона", уи новосибирсктәи ацентр "Вектор" иаԥнаҵеит. Иара убасгьы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иҭанаҩит COVID-19 хызҽуа ахԥатәи алаҵа "КовиВак". "КовиВак" аԥҵоуп Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу М.П. Чумаков ихьӡ зху Аиммунологиатә препаратқәа рыҭҵаареи аус рыдулареи рфедералтә ҭҵаарадырратә центр аҟны, иара убас иҭыжьуп алаҵа "Спутник V" актәи ахәҭа "Спутник Лайт".

Аԥсныҟа урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" 6500 доза иҟоу актәи апартиа ааит мшаԥы 30 рзы. Ауааԥсыра алаҵа рзыҟарҵо иалагеит лаҵара 11 рзы.

Рашәара 4 азтәи адыррақәа рыла коронавирустә инфекциа COVID-19 аҟынтәи Аԥсны алаҵа ҟарҵахьеит 2076-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0