Лавров: Мраҭашәара азыхиам Урыстәыла ламысцқьала алацәажәара

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПросветительский марафон "Новое знание". День второй
Просветительский марафон Новое знание. День второй - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи ЕААи реизыҟазаашьа аҭышәныртәалара алшоит еиҟаралатәи адиалог амҩала ҳәа иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр.

АҞӘА, рашәара 9 — Sputnik. Мраҭашәара ахаҭарнакцәа азыхиам Урыстәыла ламысцқьала алацәажәара, абри атәы иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-експерттә форум "Примаковские чтения" аилатәараҿы иқәгылараан, аанацҳауеит РИА Новости.

"Урыстәылеиԥш егьырҭ атәылақәагьы ирбоит Мраҭашәара адиалог иаша ишазыхиам, highly likely ала ахныҟәгара шеиӷьаршьо. Ҳәарада, ари адиалог ахаҭа аидеиа агәрагара ҵнашәаауеит", - иҳәеит Лавров "Примаковские чтения" аҟны дықәгыло.

Аминистр иажәақәа рыла, Москва активла иацхраалоит аҭынч еиҭакрақәа рыцҵара, аглобалтә проблемақәа аҳәынҭқарра дуқәа рхадацәа рколлективтә ӡбра шьаҭас иҟаҵаны.

"Ҳара ҳреалистцәоуп, мраҭашәаратәи ҳколлегацәа иҟоу аобиективтә ҭагылазаашьа рымбоушәа иҟарҵо ҳзеилымкаауашәа ҳхы ҳзымҩаԥгом. Мап ҳзацәкуам Мраҭашәара адунеитә аренаҿы ишыҟалалакгьы ҳәа аҭыԥ ԥха ааннакыларц агәы ишҭоу", - иҳәоит Лавров.

Встреча глав МИД РФ и Израиля С. Лаврова и Г. Ашкенази - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2021
Лавров Урыстәылеи Мраҭашәареи реиҩызара аҭагылазаашьақәа дрылацәажәеит

"Адиалог ҳазыхиара ԥсыҽроушәа абара иашам. Ҳхада ааигәа Мраҭашәара аультиматумқәа рганахь ала иазгәеиҭеит дареи ҳареи ҳаизыҟазаашьаҿы ацәаҳәа ҟаԥшь ҳара шҳакәу иҳәаақәызҵо. Ҳара иҳамоуп ҳхатәы хәаԥшышьа адунеи еиҿкаара аганахь ала, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәагьы аӡәы ишиҭаху акәымкәа ООН аԥҟаԥҵәаҿы ишарбо акәхоит ишышьақәҳаргыло", - иҳәеит Лавров.

"Америкаа аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы аган ианаварыжь ашьҭахьгьы, иаҳҳәап, абжьаратәии ааигәатәии ахарара змоу аракетақәа рзы Аиқәшаҳаҭра, ҳара хатәгәаԥхарала ахылаԥшра мҩаԥаагон. Абри аҩыза аус амҩаԥгараз иадаагалаз амеханизмқәа ирызхьамԥшыкәа Мраҭашәара иаартны, ламысцқьала ҳацәажәара мап ацәнакуеит", - иҳәеит иара.

Лавров иазгәеиҭеит Урыстәыла шазыхио дарбанызаалак апартниор аус ицура.

"Иарбанызаалак асанкциақәа ма аультиматумқәа хәарҭаны иҟам ҳацәажәаразы", - азгәеиҭеит аминистр.

"Примаковские чтения" мҩаԥнагоит 2015 шықәса раахыс Урыстәылатәи аҭҵаарадырратә академиа Е.М. Примаков ихьӡ зху адунеитә аекономикеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи Рмилаҭтә ҭҵааратә институт. 2021 шықәсазы апроект мҩаԥгахоит атәыла ахада игрантқәа рфонди, Примаков ихьӡ зху адәныҟаполитикатә усеицура Ацентри, Урыстәыла Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи, жәларбжьаратәи ахәаахәҭратә Центри рыдгыларала.

Ажәабжьқәа зегьы
0