"Дельта"-штамм ҩынтәны еиҳа иҿкуп иаабац авирус аасҭа ҳәа рҳәоит ВОЗ аҿы

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ России разработан первый тест на выявление британского штамма COVID-19
В России разработан первый тест на выявление британского штамма COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирус индиатәи аштамм 2020 шықәса жьҭаарамзазы иаарԥшын. Анаҩс иара х-хкыкны еихшан. Ахкқәа руак "дельта" ҳәа ахьыӡҵан.

АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Акоронавирус авариант "дельта" аԥхьанатәтәи аковид аасҭа ҩынтәны иҿкуп, адунеи аҿы идоминантхар алшоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Абри азы аҳәамҭа ҟалҵеит Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара аҭҵаарадырратә усзуҩ хада Сумиа Сваминатан.

Врачи у рентгеновского снимка - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2021
Роспотребнадзор COVID-19 аштамм ҿыцқәа еиҳа еиҭазго рыӡбахә рҳәеит

Аҵарауаҩ лажәақәа рыла, аштамм "дельта" 80 тәыла ирылаҵәахьеит. Ари аштамм змоу апациент ҩыџьа инадыркны ааҩык рҟынӡа аҿкра дирхьыр ауеит. Уи ауп ҭаацәала ачымазарагьы зырацәахаз.

Сваминатан убри аан илҳәеит адунеи аҿы иахьазы иҟоу алаҵақәа ари аҽеиҭакрагьы уацәырыхьчар шалшо.

"Иажәабжь бзианы иҟоу иахьазы ирхәыцхьо алаҵақәа реиҳарак хра рылоуп. Ачымазара хьанҭаны амҩаԥысра уацәырыхьчоит", - ҳәа лҳәеит лара.

Аҟазауаҩ иазгәалҭеит алаҵа адагьы ауаа асабрадақәа, анапхаҵақәа ныҟәыргалар шакәу.

ВОЗ адыррақәа рыла индиатәи авариант (B.1.617) жьҭаарамзазы иаадырԥшит, х-хкыкны еихыршеит B.1.617.1, B.1.617.2 ("дельта"), B.1.617.3. "Дельта"-штамм аҽеиҭакра иацнаҵоит. Ааигәа ирбеит даҽа хкыкгьы - "дельта-плиус" (B.1.617.2.1).

Ажәабжьқәа зегьы
0