Роспотребнадзор алаҵаҟаҵара ашьҭахьтәи ахымҩаԥгашьақәа рзы абжьгарақәа ҟанаҵеит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от COVID-19 в Туле
Вакцинация от COVID-19 в Туле - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирус аҟынтәи алаҵа иныҭкааны аиммуннтә ҭак еиҿнакаауеит 35-42 мшы рыҩныҵҟа.

АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Роспотребнадзор алаҵаҟаҵара ашьҭахьтәи ахымҩаԥгашьақәа рзы абжьгарақәа ҟанаҵеит.

Иазгәаҭоуп џьоукы-џьоукы рҿы алаҵа ашьҭахь аимҳәаҟазшьа цәырҵыр, ашоура халар. Ари цәшәара амаӡам, убри аан иҟалоит ашоура ртәагахәшәы ужәыр.

Алаҵа ашьҭахьтәи аԥхьатәи ахымш рзы аџьабаабара, аҽыкәабарҭақәа рҭаара, арыжәтә ажәра аҭахны иҟам.

Аусбарҭаҿы иазгәарҭоит акоронавирус аҟынтәи алаҵа иныҭкааны аиммуннтә ҭак еиҿнакаауеит 35-42 мшы рыҩныҵҟа ҳәа.

Вакцинация в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
ААЕ аҟны еиҭарҳәеит, иарбан ҩаӡароу ацәеижьҿагылараан COVID-19 аҟынтәи алаҵа аҟаҵара анауа

Убри азоуп абри аамҭа аҩныҵҟа коронавирус аиҭашьҭкаара аҽацәыхьчара заҭаху.

Хазы иазгәаҭоуп алаҵаҟаҵара ахшара змоуц аҳәсеи урҭ раԥхьаҟатәи рыхшареи рзы шәарҭара шаҵам.

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалахьеит алаҵақәа ԥшьба: "Спутник V" Гамалеи ихьӡ зху Ацентри РФПИ-и еицыҟарҵеит. Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭаҩҩуп. Жьҭаарамзазы иҭанаҩит даҽа лаҵакгьы - "ЭпиВакКорона", уи новосибирсктәи ацентр "Вектор" иаԥнаҵеит. Иара убасгьы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иҭанаҩит COVID-19 хызҽуа ахԥатәи алаҵа "КовиВак". "КовиВак" аԥҵоуп Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу М.П. Чумаков ихьӡ зху Аиммунологиатә препаратқәа рыҭҵаареи аус рыдулареи рфедералтә ҭҵаарадырратә центр аҟны, иара убас иҭыжьуп алаҵа "Спутник V" актәи ахәҭа "Спутник Лайт. Алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит Урыстәыла арегионқәа зегьы рҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0