Черчесов Ашьапылампыл азы Урыстәыла еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада имаҵура дамырхит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФутбол. Пресс-конференция сборной России
Футбол. Пресс-конференция сборной России - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2021
Анапаҵаҩра
Станислав Черчесов Ашьапылампыл азы Урыстәыла еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хадас дыҟан 2016 шықәса раахыс.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik. Станислав Черчесов Ашьапылампыл азы Урыстәыла еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада инапынҵақәа аанижьит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла ашьапылампыл азы аидгыла Telegram-канал.

Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп ахеилаки Черчесови ирыбжьаз аиқәшаҳаҭра аԥыхразы азыӡба шрыдыркылаз. УАА ари аҭыԥ ахь акандидат ҿыц ишьҭалоит.

Ашьапылампыл азы Урыстәыла еизгоу акоманда плеи-офф ахь изымнеиӡеит Европа ачемпионат аҟны, агәыԥ B аҟны аҵыхәтәантәи аҭыԥ ааныркылеит. Акоманда ириааит финлиандиатәи ашьапылампыласыҩцәа (1:0), иаҵахеит бельгиаа ианрыцыхәмаруаз (0:3), иара убас даниатәи акоманда 1:4 ҳәа урыстәылатәи ашьапылампыласцәа аҵадырхеит.

Ԥхынгәы 2 рзы ЖӘАМ "Россия сегодня" аҟны имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы Черчесов иусура алҵшәақәа ҽеимызт ҳәа УАА иҟарҵаз аҳәамҭа дақәшаҳаҭымхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0