COVID дельта-штамм аан аҷыдарақәа амоуп

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ России разработан первый тест на выявление британского штамма COVID-19
В России разработан первый тест на выявление британского штамма COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2021
Анапаҵаҩра
Адунеи аҿы иахьазы аларҵәара змоу коронавирус SARS-CoV-2 аштаммқәа ԥшьба ыҟоуп: альфа, бета, гамма, дельта. Аҵыхәтәантәи иаҳа иҿкуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. COVID-19 аштаммқәа иреиуоу дельта ачымазара зауа еиҳа-еиҳа ирацәаҩхоит, убри аан аинкубациатә аамҭа кьаҿхоит ҳәа аҩуеит РИА Новости Роспотребнадзор ЦНИИ аҭҵаарадырратә усураз адиректор ихаҭыԥуаҩ, РАН алахәыла-корреспондент Александр Горелов иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Иара иҳәоит дельта-штамм еиҳа иццакны ишрылаҵәо, еиҳагьы ахгара шыхьанҭоу.

"Аштамм ҿыц ачымазара зауа еиҳа-еиҳа ирацәаҩхоит, убри аан аинкубациатә аамҭа кьаҿхоит", - иҳәоит Горелов.

Иара иазгәеиҭеит ачымазара амҩаԥысшьа зныԥшуа  ауаҩы ачымазара анышьҭикаауаз аамҭаз авирус заҟа иоузи иара ихаҭа убри аан ииммунтә система зеиԥшрази роуп ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0