COVID-19 аҟынтәи алаҵа змам аԥсшьаҩцәа ахараԥса ддыршәалоит Шәача

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПроверка ПЦР-тестов при заселении в гостиницы в Краснодарском крае
Проверка ПЦР-тестов при заселении в гостиницы в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 1 инаркны Краснодартәи атәылаҿацә аԥсшьарҭақәа рахь иаауа зегьы акоронавирус шрылам азы ПЦР-тест аҭак рыцзароуп, убри аан аԥсшьаҩцәа аԥсшьарҭа ҩны ианыҩналалак ашьҭахь хымш ирылагӡаны алаҵа ҟарҵароуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Шәачаҟа ԥсшьара ҳәа иааз атуристцәа аԥсшьарҭа ҩны ианыҩналалак ашьҭахь хымш ирылагӡаны ачымазараҿкы хызҽуа алаҵа ҟазымҵаз хаҭалатәи аҭакԥхықәра рыдлоит, ахараԥса ддыршәоит, абри атәы аҩуеит РИА Новости Шәача ахадара акурортқәеи атуризми рдепартамент адиректор Светлана Батиаикина.

Вакцинация от COVID-19 в гипермаркете Глобус - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2021
Краснодартәи атәылаҿацә аԥсшьаҩцәа ралалара аԥҟарақәа аԥсахит

Нанҳәа 1 инаркны асасцәа рыдыркылалоит аԥҟара ҿыцқәа рыла, уи инақәыршәаны Краснодартәи атәылаҿацә аотельқәеи асасааирҭақәеи рахь анеиразы  иаҭахуп иҵоурам ПЦР-тест, ма алаҵа шыҟаҵоу азы адокумент, ма ԥсшьара ианааиз инаркны хымш ирылагӡаны алаҵа ҟарҵароуп.

"Аԥҟара аилагаразы ахараԥса иартәоит 30 нызқь мааҭ. Асасцәа аԥҟарақәа деилыркаауп. Хымш ирылагӡаны алаҵаҟаҵара иахысроуп", - лҳәеит Батиаикина.

Лара иазгәалҭеит, алаҵа ҟазымҵаз асасааирҭақәа ишдәылрымцо, алаҵа шрымоу аршаҳаҭга аарԥшра аӡәгьы ишрыдрымцало, аха акоронавирус ӡәыр идырбалар аепидемиологиатә ҭҵаара мҩаԥгахоит, ахараԥса рықәҵахоит.

Алаҵа ҟарҵаӡом 15 шықәса зхымҵыци 15 шықәса инаркны 18 шықәса зхыҵуеи ахәыҷқәа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0