Шә-миллиард долларла адунеитә економика аиҭашьақәыргылара иазырхахоит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДоллары США
Доллары США - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2021
Анапаҵаҩра
Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара 2020 шықәса хәажәкыра 11 азы ирыланаҳәеит аҿкчымазара ҿыц COVID-19 адунеи зегь шамҽханакыз.
АҞӘА, нанҳәа 3- Sputnik. Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд (МВФ) 650 миллиард доллар аԥара азоунажьуеит апандемиа ашьҭахь адунеитә економика аиҭашьақәыргыларазы. Абри азы адырра ҟанаҵоит аиҿкаара.
Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд аиҳабы Кристалина Георгиева лажәақәа рыла ари аӡбра "ҭоурыхтә ӡбамҭоуп" акризис аамҭазы алаҵаҟаҵара иаҩызоуп.
МВФ асаит аҿы иазгәаҭоуп аԥара аихшара нанҳәа 23 азы ишалаго. Афонд алахәылацәа зегьы рыквотақәа ирҿырԥшны азинқәа роуеит.
275 миллиард доллар рзырхахоит ахашәала маҷ змоу атәылақәа ҳәа азгәанаҭеит МВФ.
Ажәабжьқәа зегьы
0