Шоигу: миллионбжак рҟынӡа аруаа АрМИ-2021 иалахәхоит

© Sputnik / Павел Лисицын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСоревнование "Международные армейские игры" в Свердловской области
Соревнование Международные армейские игры в Свердловской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа АрМИ-2021 мҩаԥысуеит нанҳәа 22 инаркны цәыббра 4 аҟынӡа. Аицлабрақәа ирылахәхоит Аԥсны Аҳәынҭқаррагьы.
АҞӘА, нанҳәа 18 – Sputnik. 2021 шықәсазы Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа АрМИ-2021 рлахәылацәа рхыԥхьаӡара 455 000-ҩык ыҟоуп ҳәа иҳәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, аминистр агазеҭ "Красная звезда" иеиҭаз аинтервиу шьаҭас иганы.
"Сынтәа АрМИ иалахәхаз зегь хыԥхьаӡарала иааидкыланы 459 нызқьҩык ҟалоит. Арахь иаҵанакуеит аԥрыҩцәа, атанкныҟәцаҩцәа, амашьынаныҟәцаҩцәа, ПВО асистемақәа ртехникцәа, роператорцәа, аснаиперцәа, аҳақьымцәа…" - ҳәа иҳәоит Шоигу.
Иара иҳәеит АрМИ-2021 11 тәыла рҿы ишымҩаԥгахо, 34 еицлабра ишрылахәхо 280 команда 34 ҳәынҭқарра рҟынтәи (Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи абрахь иналаҵаны). Раԥхьаӡа акәны ахәмаррақәа ирылахәхоит: Бразилиа, Буркина-Фасо, Кипр, Малаизиа, Камерун, Еквадор.
Всеармейский конкурс Морской десант-2021 во Владивостоке - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2021
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рымшынтә аршьаҟауаа Владивостокҟа инеиуеит АрМИ-2021 аҽалархәразы
Уи адагьы аицлабрақәа рҟны анаԥшыҩцәа ҳәа ирзыԥшуп НАТО атәылақәа рҟынтәи 11 гәыԥ.
2021 шықәсазы раԥхьаӡа акәны имҩаԥгахоит аицлабрақәа: амузыкатә еицлабра "Акультура ар", "Атактикатә хысыҩ", "Меридиан".
Урыстәыла 16 еицлабра мҩаԥгахоит, Белоруссиа, Китаи, Иран - хԥа-хԥа, Вьетнам, Ҟазахстан, Узбекистан, Монголиа - ҩба-ҩба, Алжир, Ермантәыла, Сербиа, Катар - акака.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥснытәи аруаа АрМи-2021 рҽазыҟаҵо ашьхатә ԥынгылатә цәаҳәа иахысит
Аԥснытәи акоманда "Танковый биатлон" иалахәхоит
Ажәабжьқәа зегьы
0