Урыстәыла аҩыҟаҵаҩцәа Реидгыла ажь ахә иацлар ҟалоит ҳәа рҳәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукСбор винограда
Сбор винограда - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2021
Анапаҵаҩра
Краснодартәи атәылаҿацә аҿы нанҳәа аҩбатәи азбжазы иҟалаз ақәоурақәеи аӡхыҵрақәеи ирыхҟьаны Ҟрым ажьҭаара ашәарҭара иҭанаргылеит.
АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Ажьҭаара, уи ахәԥса ашьақәгылара рзы макьана зԥхьагәаҭарак аҟаҵара алшом ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла аҩыҟаҵаҩцәа Реидгыла ахада Леонид Попович.
Убри аан иара дақәшаҳаҭхеит аԥсабаратә цәырҵрақәа ажь аизгареи иара ахышәаҵышәеи ишырныԥшуа.
Урыстәыла ахаҭабзиаратә маҵзура адыррала урыстәылатәи ажьаарыхцәа аҳауатә уадаҩрақәа ирхырҟьаны рҽаҩра еиҵахар ҟалоит, уи инадҳәалангьы ахәқәа 30% ирыцлар алшоит.
"Аӡахәаҭрақәа аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыхҟьаны анырра руит. Уи аҽаҩра ианыԥшуеит. Иҟаҵәҟьоу атәы аҽа жәамшҟа рышьҭахь иаабарҭахоит. Ахәԥсақәа ртәы акәзаргьы, макьаназ ишьақәыргылам", - ҳәа иҳәеит иара.
Краснодартәи атәылаҿацә аҿы зегь раасҭа аӡахәаҭрақәа рацәоуп. Ара сынтәа аԥхын алагамҭаз ашықәсаз уаанӡа имлеицыз ақәа леит.
"Аӡахәаҭрақәа иахьазы иҟоу аҳауа анырра ду рнаҭоит. Иҟалаша аӡәгьы издырам. Идыру акызаҵәык ауп – ари шхәарҭам. Ҳгәаанагарала, атәылаҿацә аҿы аҽаҩра 15-20% ҳцәыӡуеит. Мчыбжьык-ҩымчыбжьа рыҩнуҵҟа ахәшьара аабоит", - ҳәа иҳәеит Попович.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит 15-20% аҽаҩра аӡра 15-20% ахәԥса шьҭнахыр ҟалоит ҳәа. Ари аҩыза азԥхьагәаҭара аналшо абҵарамзаз акәхар ҟалоит ҳәа ишьоит Попович.
Ажәабжьқәа зегьы
0