Ашықәс нҵәаанӡа абиткоин ахәԥса 75 нызықь доллар аҟынӡа ихалоит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСувенирная монета криптовалюты биткойн.
Сувенирная монета криптовалюты биткойн. - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2021
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы дунеи аҿы еиҳа ахархәара зырҭо акриптавалиута – биткоин ахә 50 нызықь доллар ыҟоуп.
АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik. Ашықәс нҵәаанӡа абиткоин ахәԥса 73-75 нызықь доллар аҟынӡа ихалар алшоит хәа азгәеиҭоит ЦСР аексперттә клуб арезидент Акмаль Назиров, ҳәа аҩуеит РИА Новости.
Назиров игәаанагарала акриптовалиута ахә еизҳалар ҟалоит "аглобалтә трендтә цәаҳәа аихҵәарсҭанӡа".
Иара иазыԥхьагәаҭарала ари уажәтәи аиҳаӡара иацнаҵар ҟалоит.
"Сынтәа акриптовалиута ахәԥса 73–75 нызқь доллар ихалар ҟалоит. Цәыббрамза алагамҭазы 45 000 доллар иҟан", - ҳәа иҳәоит аексперт.
Иара убасгьы абиткоин ахә ишацло атәы рҳәоит Латынтәи Америка атәылақәа азҿлымҳара ду арҭуа иахьалагаз.
Ахә ашьҭыҵра аҽа факторны иҟоуп америкатәи атехнологиатә индексқәа реизҳара. Bitcoin ихьчоу активны иҟалар алшоит иҳәеит Назиров.
Ажәабжьқәа зегьы
0