Москва Зиничев аҵыхәтәантәи имҩа дықәырҵоит

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрощание с главой МЧС Е. Зиничевым
Прощание с главой МЧС Е. Зиничевым - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Евгени Зиничев данҭаха ашьҭахь Урыстәыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихиҵеит. Евгени Зиничев 55 шықәса ихыҵуан. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрс дҟаҵан 2018 шықәсазы.
АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. Москва Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Евгени Зиничев аҵыхәтәантәи имҩа дықәырҵоит Аминистрра акризистә ҭагылазаашьақәа рмилаҭтә центр Анапхгараҭара ахыбраҿы, Ватутин ихьӡ зху амҩаҿы, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Зиничев иԥсыбаҩ зҭоу аҭоубыҭ аҿаԥхьа аҟарул гылоуп. Абырфынхч-хәыҷқәа ирнуп хыԥхьаӡара рацәала аҳәынҭқарратәии аусбарҭатәии аҳамҭақәа.
Министр по делам гражданской обороны, чрезвычайным ситуациям и ликвидации последствий стихийных бедствий Евгений Зиничев на совещании в Магнитогорске - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2021
Владимир Путин Зиничев данҭаха ашьҭахь Урыстәыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихиҵеит
Евгени Зиничев абзиараз ҳәа иаҳәараз арахь иааит ауаа рацәа.
Зиничев дҭахеит Красноиарсктәи атәылаҿацә аҿы акинорежиссиор Александр Мельник еиқәырхараан. Мельник АҶА аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥысуаз днеит афильм ҿыц аҭыхразы. Иаргьы дҭахеит. Евгени Зиничев 55 шықәса ихыҵуан. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрс дҟаҵан 2018 шықәсазы. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Евгени Зиничев данҭаха ашьҭахь Урыстәыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихиҵеит.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит гәалсра дула ишидикылаз Зиничев иҭахара. Адашшыларақәа ҟарҵеит: Урыстәыла аҳәынҭқарратә усзуҩцәа, анапхгара, аҭҵаарадырратәи ауаажәларратәи еилазаарақәа рхаҭарнакцәа, абизнес-еилазаара, аҳәаанырцәтә дипмиссиақәа, адинтә конфессиақәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
 
Ажәабжьқәа зегьы
0