Москва Владимир Путини Башар Асади еиԥылеит

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча президента РФ В. Путина с президентом Сирии Б. Асадом
Встреча президента РФ В. Путина с президентом Сирии Б. Асадом - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Шьамтәылеи рхадацәа реиҿцәажәара мҩаԥысит Кремль. Башар Асад Москваҟа дшаауаз заанаҵ ирылаҳәамызт.
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Владимир Путини Башар Асади Москва еиԥылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Путин шьамтәылатәи иколлега идиныҳәалеит ааигәа иҟаз иира амш, дрылацәажәеит Шьамтәыла ахада иалхрақәа шымҩаԥысыз атәы.
Иазгәеиҭеит, алхрақәа рылҵшәақәа  ишаадырԥшуа ажәлар Асад иахь ирымоу агәрагара, уи ишиқәгәыӷуа.
Путин ахәшьара ду аиҭеит иколлега иоппонентцәеи иареи реицәажәаразы иҽазышәарақәа.
Визит вице-премьера РФ Д. Рогозина в Сирию - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2021
Башар Асад Шьамтәыла ахада иалхрақәа рҿы аиааира игеит
"Издыруеит абри ахырхарҭала аусура ду шымҩаԥыжәго. Агәыӷра ду сымоуп уи аус амҩақәҵашьа бзиа аиуп ҳәа. Шьамтәыла иҟоу амчрақәа зегьы реидгылароуп шәшьапы шәықәзыргыло, ԥхьаҟагьы амҩа шәықәызҵо", - ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада.
Атәыла аконсолидациа иаԥырхаганы иара ишьоит аҳәаанырцәтәи арратә мчқәа уа рыҟазаара.
"Сара ишызбо ала иуадаҩра хаданы иҟоу ООН азин ада, шәара шәсанкциақәа рыда аҳәаанырцәтәи арбџьармчқәа шәтәылаҿ рыҟазаароуп. Ари жәларбжьаратәи азингьы иаҿагылоит. Шәаргьы алшара шәнаҭом шәҽеидкыларазы", - ҳәа иҳәеит Путин.
Асад Дамаск аганахьала аԥкрақәа иашамкәаны дрыхәаԥшуеит.
"Ҳәынҭқаррақәак ашьам жәлар асанкциақәа рыдҟарҵалеит. Уи ауаҩытәыҩсара иаҿагылоит. Азиншьаҭагьы рымам. Ус шакәугьы абри аҩыза ахҭысқәа аҭыԥ рымоуп", - иҳәеит Асад.
Атеррористцәа рыҟазаара апроблема
Путин иара убасгьы иазгәеиҭеит атәылаҿ атеррористцәа шеиқәымтәац.
"Угәы унархьуеит атеррористцәа рганахь ала аҭынчра ахьыҟам. Иҟоуп аҭыԥқәа рнапаҿы иҟоу, ауаа атеррор иахьаҵадыркуа. Убри аан ахҵәацәа хыԥхьаӡара рацәала рынхарҭа тыԥқәа ирзыхынҳәуеит. Уи сылала избаз ауп. Ауаа аҭынч ԥсҭазаара аиҭашьақәыргылара рҽазыршәоит", - ҳәа иҳәеит Путин.
Визит вице-премьера РФ Ю. Борисова в Сирию. День первый - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2021
Шьамтәыла ахада Башар Асад алаҵа "Спутник V" ҟаиҵеит
Асад дақәшаҳаҭхеит аҩ-ҳәынҭқаррак рымч ала атеррористцәа риааира шрылшаз.
"Урыстәылатәии Шьамтәылатәии ар иаанкылоу аҵакырақәа рых рақәиҭтәра адагьы ахҵәацәа рыхынҳәраз иаарылшо ҟарҵоит. Уи аус аҿы ақәҿиарақәагьы ҳамоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
COVID-19аҿагылара
Урыстәыла ахада далацәажәеит акоронавирустә инфекциа аҟынтәи алаҵақәа "Спутник V", "Спутник Лайт" Арабтәи Ареспубликахь ишынарышьҭуа.
"Адунеи ауаа зегьы рҿаԥхьа ицәырҵыз ауадаҩрақәа рыӡбара ҳҽазаҳшәоит. "Спутник V", "Спутник Лайт" Шьамтәылаҟа инашьҭуп", - иҳәеит Путин.
Ажәабжьқәа зегьы
0