Урыстәылаа Ҭырқәтәыла ралалара еиҭакхеит

© Sputnik / Туран Салджы / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРоссийские туристы на курортах Турции
Российские туристы на курортах Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2021
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Ҭырқәтәыла атуристцәа ртәылақәа рҿы ашәҟәы иҭаҩу алаҵақәа зегьы азхарҵон. Аԥҟара ҿыцқәа рыла уажәы ҩ-еилазаарак змоу алаҵақәа роуп иазхарҵо.
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Ҭырқәтәыла урыстәылатәи атуристцәа атәыла иаланажьлоит "Спутник V" ма  ПЦР-тест азы асертификат рыманы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Ҭырқәтәылатәи ҳофис аҿы иахьа ишьақәдырӷәӷәеит атәылаҿ иазхарҵо ҩ-еилазаарак змоу алаҵақәа, "Спутник V" аиԥш иҟоу. Уаанӡа Ҭырқәтәыла  атуристцәа ртәылақәа рҿы ашәҟәы иҭаҩу алаҵақәа зегьы азхарҵон", - ҳәа рҳәеит "Интурист" аҿы.
Аԥҟарра ҿыцқәа  Ҭырқәтәыла агәабзиарахьчара аминистрреи Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭақәеи рсаитқәа рҿы иӡыргоуп.
Самолеты авиакомпании Turkish Airlines в Международном аэропорту Стамбул - новый аэропорт в Стамбуле, самый крупный в Турции. - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2021
"Спутник Лайт" ҟаҵаны Ҭырқәтәылаҟа ацара згәы иҭоу абжьгарақәа рырҭеит
Алаҵаҟаҵаразы асертификат англыз бызшәала ихарҭәаазароуп, иарбазароуп  аҳәаанырцә атәылауаҩшәҟәы  адыррақәа, QR-код. Атурист аҽа лаҵак изыҟаҵазар ПЦР- тест ма антигенқәа рыҟазааразы атест имазароуп.
Аҳаиртә еилахәырақәа абри иахьырԥшны ҩ-еилазаарак змоу алаҵа злоу роуп аҳаирпланқәа ирықәдыртәо. Еилазаарак змоу  Jonson & Jonson азин ҟаҵазар, "Спутник Лайт" азы азин ҟаҵам.
Атәыла аҩныҵҟа автобусла, ҳаирпланла, дәыӷбала  иныҟәо рзгьы  аԥҟара ҷыдақәа ыҟоуп. Анкара иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ишаҳәо Жәларбжьаратәи агәабзиарахьчара аиҿкаара иазханаҵаз алаҵа ззыҟаҵоу урыстәылаа атәыла аҩнуҵҟа анеиааира азин рымоуп ПЦР-тест аҭак рымаӡамкәангьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0