Астудиа Warner Bros Тодд Филлипс и-"Џьокер" аԥхьахә "Оскар" аиуразы иқәнаргылеит 16 номинациа рыла.
Украина аракетатә ари артиллериеи рыррамаҵзурауаа рымш азгәарҭоит есышықәса абҵара 3 рзы. Украина ахада Владимир Зеленски урҭ дрыдныҳәалеит.
Шьамтәылатәи аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара Урыстәыла, Иран, Ҭырқәтәыла хәдықәҵа ҳасабла рхы аналадырхә ашьҭахь, ахҵәацәа рыҩныҟақәа агьежьра иалагеит.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла адәыӷбаҿ амцакра ҟалеит ахәыҟаҵаразы рхы иадырхәоз агаз баллон аԥжәара иахҟьаны.
Аформат G8 аусура аанкылахеит 2014 шықәса рзы Ҟрым Урыстәыла ианалала ашьҭахь.
Аибарххаратә ҭагылазаашьа ахьыҟоу аҭыԥқәа рахь инаган Аахыҵ Уаԥстәыла АШәМ, ОМОН уҳәа егьырҭ амчратә еилазаарақәа. Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәаахьчаҩцәа акәылӡтәы техника ала ареид мҩаԥыргеит аҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рҿы.
Иенс Столтенберг иазгәеиҭеит НАТО азы Амшынеиқәа арегион аҵак ду аманы ишыҟоу. Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит Одесса амшынбаӷәазаҿы алианс аӷбақәа рыҟазаара.
Априквел шьаҭас иаиуеит Џьорџь Мартин ишәҟәқәа "Аҵааи амцаԥшьи рашәа" рцикл. Ахҭысқәагьы мҩаԥыслоит "Игры престолов" аамҭақәа ҟалаанӡа 300 шықәса раԥхьа.
Апроект афырхацәа - хәышықәса раахыс аибашьра ахьцо Донбасс иқәынхо ауааԥсыра роуп, иара убас Донбасс апроблемақәа зыпроблемру аполитологцәа, ажурналистцәа, аволонтиорцәа.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аполигон Иагорлык аҿы. Ахархәара роураны иҟоуп азенит-ракетатә комплексқәа Бук М1-и С-300ПТ-и.
Урыстәылеи Аԥсныи рмилаҭтә ԥарашәаратә системақәа ринтеграциа иалнаршоит ахсаалагақәа "АԤРА" ахсаалагақәа "Мир" ахархәара ахьрымоу атәылақәа зегьы рҿы ахархәара.
Аԥшьаша ЕАРи Ҭырқәтәылеи ирыларҳәеит Ҭырқәтәыла арратә операциа 120 сааҭ ишааннакылои акурд еиҿкаарақәа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рҳәааҟны 30-километратәи азонаҟынтәи ишаԥырыргои. Уажәы "Шьамтәылатәи адемократиатә мчрақәа" Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи рҳәааҟынтәи рыр адыргоит.
"Ҩыџьа ауаа инареиҳаны рышьразы" ҳәа ахәҭаҷ иаҵанакуа ацәгьоура зуз аруаҩ иԥсы ахьынӡаҭоу аҭакра иқәшәар ҟалоит.
Америкатәи акиноакадемиа аҳамҭақәа ранашьара ажәеизатәи ацеремониа мҩаԥысит амҽыша ауха Лос-Анджелес.
Уаанӡа аль-Багдади дҭархоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵахьан "Шьамтәылатәи адемократиатә мчрақәа" (SDF) ркомандаҟаҵаҩ Мазлум Абди.
РИА Новости аинтервиу азҭаз Лугансктәи жәлар рреспублика ахада Леонид Пасечник еиҭеиҳәеитКиев аҳәамҭақәа ареспубликаҿы ишрыдыркылаз, Украина шықәсык аҩнуҵҟа Донбасс аҭынчра шьақәнартәоит ҳәа Украина ахада иҳәамҭамҭақәагьы абрахь иналаҵаны.
Мариа Бутина 18 мзы америкатәи абахҭа дҭакын. Жьҭаара 26 рзы Урыстәылаҟа дхынҳәит. Илхылгаз, лаԥхьаҟатәи лыпланқәа, арҭ аамҭақәа рзы лыҽшылыԥсахыз уҳәа РИА Новости RT акорреспондент Михаил Тургиев изеиҭалҳәоит.
Аҷыда-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны ахархәара рыҭан арҭҟәацгақәа ИМ-120, адырраҭаратә ракетақәа.
Арыжәтәи ишшаԥсыркылоу афатәи Македонски ичымазара мзызны иаиуит. Уи иахҟьеит дшыҷкәыназ иԥсҭазаара иалҵрагьы.
Киев ДЖәРи ЛЖәРи раԥыхра ахәҭоуп ҳәа иахьашьои украинатәи амчрақәа Донбасс аинышәара ақәныҟәара ахәҭаны иахьырымшьои дрыхцәажәоит Пушилин РИА Новости акорреспондент Иури Воиткевич аинтервиу иҭо.