Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ашәба Аԥсуаҭҵааратә институт амцакразы: амцарцәаҩцәа агхазҭгьы, арыцҳара ду ҟалон

Ашәба Аԥсуаҭҵааратә институт амцакразы: амцарцәаҩцәа иагхазгьы, арыцҳара ду ҟалон
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбраҿы ашьыжь амцакра ҟалеит. Уи ианаамҭаз АҶА аусзуҩцәа идырцәеит. Избада абылра аԥхьа, насгьы амцакра абаҟалеи, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
10-15 минуҭ иагхазҭгьы амцарцәаҩцәа, арыцҳара ду ҟалон ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәжәараҿы Ашәба.
"Ашьыжьымҭан аусура иаахьаз алҩа рбеит, иаразнак амцарцәаҩцәа рахь иасит, урҭгьы рацәак иадымхалакәа иааит. Амцакра зыхҟьаз ҳәа макьана акгьы еилкааны иҟам. Уажәы арԥхагақәа аҿаркӡом. Амцакра ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы уаҩытәыҩса днеиӡом. Алашарагьы адыркӡом. Ҟалашьас иамаз ҳәа акгьы сыздырӡом. Ҳахьшәо ашәҟәыԥхьарҭаҿы афымцатә цәаҳәақәа зегьы хыҵәҵәоуп. Иахьыҳаԥсахызгьы аҭыԥ аҿы акәӡам", - ҳәа иҳәеит Ашәба.
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы иажәақәа рыла, афымцатә цәаҳәақәа рыԥсахрақәа рзы аусурақәа ирылагаран иҟоуп, иааны зегь ишәаны-изаны игәарҭахьеит, иахьа уаҵәы ҳарзыԥшуп иҳәеит Ашәба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0