Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Шәачантәи Аԥсныҟа "иаку абилеҭ" ала аныҟәара хацыркхеит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКерченская переправа
Керченская переправа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Шәачантәи Аԥсныҟа "иаку абилеҭ" ала аныҟәара хацыркхеит аҩаша, мшаԥымза 30 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Иаку атранспорттә дирекциа.
Ԥшьымз, цәыббрамза 30 рҟынӡа аныҟәарақәа мҩаԥгахалоит.
Апассаџьырцәа Адлертәи аихамҩатә вокзал аҟынтәии Шәачатәи аҳаирбаӷәаза аҟынтәии иргоит абарҭ ахырхарҭақәа рахь:
Гаграҟа - 681 мааҭ,
Пицундаҟа - 752 мааҭ,
Гәдоуҭаҟа - 790 мааҭ,
Афон ҿыцҟа - 869 мааҭ,
Аҟәаҟа - 935 мааҭ.
2023 шықәсазы Аԥсныҟа "иаку абилеҭ" ала аныҟәара мҩаԥыргеит 6000 пассаџьыр. Ари 2022 шықәсазы аасҭа 1,5 рыла еиҳауп.
Ажәабжьқәа зегьы
0