Аурыс ҳәаахьчаҩ Квитко данҭахаз аҽны иҭахаз аҳәаахьчаҩцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭаҵан

Анапаҵаҩра
Ԥшьы-шықәса раԥхьа иҭахаз Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аҳәаахьчаратә хеилак аусзуҩы Васили Квитко дыргәаладыршәеит Аҟәа алахьеиқәҵаратә митинг аҟны.

Аҳәаахьчаҩ Васили Квитко иӷәӷәаны дхәын 2011 шықәса мшаԥы 8 рзы.  Гал араион Чубырхьынџь ақыҭаҿы апатруль аан Урыстәылатәи аҳәаахьчаратә хеилак аусзуҩцәа  бџьарл аеибыҭаз агәыԥи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит.

Урыстәыла ахада иқәҵарала 2011 шықәсазы игәымшәареи ихаҵареи рзы аҳәаахьчаҩ, аполковник Васили Квитко "Ахаҵаразы" аорден ианашьан. Аԥсны ахадара аофицер "Арратә гәфмшәаразы" амедал ианаршьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0