Аҳәаахьчаҩ Васили Квитко иӷәӷәаны дхәын 2011 шықәса мшаԥы 8 рзы. Гал араион Чубырхьынџь ақыҭаҿы апатруль аан Урыстәылатәи аҳәаахьчаратә хеилак аусзуҩцәа бџьарл аеибыҭаз агәыԥи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит.
Урыстәыла ахада иқәҵарала 2011 шықәсазы игәымшәареи ихаҵареи рзы аҳәаахьчаҩ, аполковник Васили Квитко "Ахаҵаразы" аорден ианашьан. Аԥсны ахадара аофицер "Арратә гәфмшәаразы" амедал ианаршьеит.