Ахәмарраан Сомалиленд амбахьчаҩ ишьамхы ааха аиуит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра, ConIFA-2016 ачемпионат аан Лапландиа - Сомалиленд анеицыхәмаруаз Сомалиленд амбахьчаҩ ишьамхы ааха аиуны ахәышәтәырҭахь днаргеит.

АҞӘА, лаҵарамза 30 – Sputnik, Владимир Бегунов. Сомалиленд акоманда амбахьчаҩы Гагратәи араионтә хәышәтәырҭахь днаргеит.

Уажәы уа аҽыхәышәтәра даҿуп, иҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Аргәын.

Сомалиленд ахәмарыҩ Абду Мухаммеда-Мухаммуд иажәақәа рыла амбахьчаҩ ишьапы ԥҵәам, ажьышәқәа еиҵыҵит ауп.

Абри аҽны адунеи ачемпионат ConIFA аҳәаақәа ирҭагӡаны еицыхәмаруан Лапландиеи Сомалиленди ркомандақәа. Ахәмарраан 4:0 ҳәа Лапландиа аиааира агеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0