Италиа иҭахаз рхыԥхьаӡара 293-ҩык инаӡеит

© REUTERS / Remo CasilliИталиа аҭыԥ змаз адгьылҵысра
Италиа аҭыԥ змаз адгьылҵысра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Италиа аҭыԥ змаз адгьылҵысра ӷәӷәа аиҳарак ирнырит Лацио, Умбриа, Марке аобластқәа рҟны.

АҞӘА, нанҳәа 31 — Sputnik. Адгьылҵысра иахҟьаны еилабгаз ақалақь Аматриче аҟны Италиа абылрацәыхьчаратә милаҭтә маҵзура аусзуҩцәа аҽаӡәы иԥсыбаҩгьы еилаҳаз аҩны иаҵыргеит. Абасала иҭахаз рхыԥхьаӡара 293-ҩык ҟалеит.

Амацзура Agi ишаанацҳауа ала ари, еилаҳаз асасааирҭа Roma иаҵыргаз афбатәи ԥсыбаҩуп.

6,0 змагнитуда наӡоз адгьылҵысра ҟалеит Италиа, ахаша, нанҳәа 24 рзы. Аиҳарак абгарақәа аҭыԥ рыман Лацио, Маркеа, Умбриа аобластқәа рыҟны. Ақалақь Аматриче аҟны иҭахеит 230-ҩык ауааԥсыра.

Иацы Аматриче анышә иарҭон иҭахаз 38-ҩык. Алахьеиқәҵаратә церемониа иалахәын Италиа апрезидент Серджо Маттареллеи аԥыза-министр Маттео Ренци.

Ажәабжьқәа зегьы
0