Дамаск ауаҩы иҽԥижәеит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДамаск ашьха Кассион
Дамаск ашьха Кассион - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дамаск аҽшьҩы иҽԥижәеит. Макьаназы иҭахаз рзы информациа ыҟам.

АҞӘА, ԥхынгәы 3 — Sputnik. Дамаск аҽшьҩы иҽԥижәеит. Макьаназы иҭахаз рзы информациа ыҟам ҳәа аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура Франс Пресс адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Акомпетентнттә органқәа гәҩарас ирымаз амашьынақәа хԥа ирышьҭан. Ҩ-машьынак Дамаск ианалалоз аамҭаз рыԥжәара алдыршеит, ахԥатәи Тахрир ашҭаҿы (Tahrir) иаангылеит, уи иҭаз атеррорист иҽԥижәеит.

Иҟоуп иҭахази ахәрақәа заузи"- ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Уи аԥхьа амчратә усбырҭақәа иаарыцҳауан ашәарҭадатәра шрылшаз арҭҟәацгақәа зҵаз ҩ-машьынак.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0