"Иҷыдоу ахәыҷқәа" рзы ашықәс ҿыцазтәи алакә

© Sputnik Анжелика БенияНовогодняя елка для детей с ограниченными возможностями
Новогодняя елка для детей с ограниченными возможностями - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы ашықәс ҿыцазтәи аныҳәа еиҿыркааит Аԥсны ареспубликатә еиҭашьақәыргыларатә центр аусзуҩцәа ԥхынҷкәын 25 рзы акультура-усутә центр "Москва Аҩны" аҟны.

Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа.

Ашықәс ҿыц еснагь ассирреи, агәазыҳәарақәеи, алакәреи ацуп. Адуцәа уи маҷ-маҷ ирхашҭуазаргьы ахәыҷқәа шамахамзар иазыԥшуп Аҵаа Бабаду дааины ргәазыҳәарақәа зегьы рынагӡара илшап ҳәа.

Акция КБФ Ашана. Стань Дедом Морозом. - Sputnik Аҧсны
Афонд "Ашана" акциа "Аҵаа Бабадус уҟала" хацыркхеит

Аиҳаракгьы абри аџьашьахәра иазыԥшуп зылшара ԥку ахәыҷқәа.

"Москва Аҩнаҿы" ахәыҷқәа ашәа рыцырҳәон Ацгәы еиқәаҵәа, ирыцкәашон Миньонқәа, Аҵаа Бабаду, Асҭыԥҳа.

Аҳамҭақәа рыҭара аамҭа анааи ахәыҷқәа маҷк иааҟәит, избанзар аҳамҭа уоурц азы ажәеинраала иаԥхьатәын, мамзаргьы ашәа ҳәатәын, икәашатәын.

Уи зегьы рзы имариамызт, аха аамҭақәак рышьҭахь Аҵаа Бабаду исакь ҟаԥшь ишҭацәызгьы имбеит. Ахәыҷқәа зҳәара рылымшаз ажәеинраалақәа ирыцырҵон урҭ рҭаацәа.

12-шықәса зхыҵуа Даниил Лашевскии иҩыза Анрики Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи ирыцкәашоз ирыламызт.

Новогодняя елка в Доме Москвы - Sputnik Аҧсны
"Москва Аҩны" аҟны аԥсаӡ дыргылеит

"Аныҟәара, зегь раасҭа еиҳау гәазыҳәароуп", — иҳәеит Даниил.

Зылшара ԥку ахәыҷқәа реиҭашьақәыргыларазы Ацентр Аԥсны аус ауеижьҭеи ҩы-шықәса ҵуеит.

Агәабзиарахьчара аминистрра ԥхьаҟагьы урҭ ацхыраара рырҭалараны рыгәҭакуп, иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Аганахь аӡәгьы днымхароуп ахәыҷы иԥсҭазаара зегьы аҟны еиҳаны иҟоу игәазыҳәара анагӡара алыршаразы, еиҳаракгьы уи ахәыҷы егьырҭ дреиԥшымкәа иԥсҭазаара изныҟәазар, иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0