Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Очамчыратәи ахәшәтәырҭа ацхыраара лас амашьына арҭеит

© Foto / Минздрав АбхазииМинздрав передал Очамчырской ЦРБ новую машину скорой помощи
Минздрав передал Очамчырской  ЦРБ новую машину скорой помощи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2023
Анапаҵаҩра
Акурорттә аамҭа алагареи Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа иаҭаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара аизҳареи иахҟьаны араион амедусҳәарҭақәа русура рацәахеит.
АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ацхыраара лас амашьына Очамчыратәи ахәшәтәырҭа иарҭеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Агәабзиарахьчара аминистрра атәыла анапхгара рыдгыларала Очамчыратәи араионтә хәшәтәырҭаз ацхыраара лас - "Тойота-Хайс" аархәеит. Ари амарка акырҵуеит ибзианы ахы аанарԥшуеижьҭеи. Уажәшьҭарнахыс автомашьына Очамчыра ауааԥсыра рымаҵ аулоит", - ҳәа иҳәеит аминистр Едуард Быҭәба.
Ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Мадонна Кьышьмариаԥҳа лажәақәа рыла ари ахәшәтәырҭа автопарк аҿы раԥхьатәи аҳәаанырцәтәи машьыноуп. Акраамҭа ара рхы иадырхәон амашьынақәа хԥа - "УАЗ". "Газель". Урҭ аамҭа-аамҭала арҽеирақәа рҭахын.
"Автопарк ажәуеит. Амашьынақәа аамҭа-аамҭала арҽеирақәа рҭахуп. Амашьына ҿыц ҳәарада иаҳҭахын, аха асеиԥш иҿыцӡа иҟоу аҳәаанырцәтәи амашьына ҳауп ҳәа ҳгәыӷуамызт" - лҳәеит лара.
Едуард Быҭәба иҳәеит араион аҿы Ацхыраара ласы аҭыԥ аартра азгәаҭаны ишрымоу, уи ашьҭахь автомашьына Тамшьҟа ишиагахо, уаҟагьы ахәшәтәырҭа аҭахарқәа рзы аус шауло.
Ажәабжьқәа зегьы
0