Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аибашьра еицәахеит ҳашьцәа рыбаҩ аҵхра": Марттәи ажәылараан иҭахаз Даур Сыҷынаа изкны

© Foto / из семейного архива СичинааДаур Сичинаа
Даур Сичинаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра цонаҵы, мшыцыԥхьаӡа ҳажәлар арыцҳара рзаанагон. Аӷа ихымца рыԥсҭазаара ҿахнаҵәон Аԥсны уаҵәтәи аԥеиԥш знапы ианылараны иҟаз аҵеицәа хазынақәа. Иқьаԥҭахон аҩнаҭақәа, абыдеи аныдеи инхон асабицәа, еибахон аҳәса, ашәы рхьыкәкәа иҟанаҵон анацәеи аиаҳәшьцәеи… Иахьатәи санҵамҭа изкуп 26 шықәса зхыҵуаз оҭҳаратәи арԥыс Даур Коҵиа-иԥа Сыҷынаа. Аибашьҩы Марттәи ажәылараан дҭахеит, аха ибаҩ аамз рышьҭахь ауп иҭаацәа ианроу. Ари ихлымӡаахыз ахҭыс еиҭеиҳәеит Даур иашьа Рафик Сыҷынаа.
Оҭҳара ақыҭа иааӡаз, ҩышықәса зыбжьаз Рафики Даури Сыҷынаа Аԥсны аӷа хәымга данақәла, мышкгьы имхәыцит рхы ԥхьаркап ҳәа. Раб дшычмазаҩызгьы, "шәара-шәара шәеибабароуп" ҳәа рани рашьеиҵбы Асҭамыри ираҳәаны рҩызцәа - аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирывагылеит.
Аибашьра ҟалаанӡа Рафики Даури азеиԥш крыфарҭа аганахьала аус руан. Нанҳәа 14 аҽны, аибашьра аӡбахә змаҳацыз мышқәак ҳәа Адлерҟа ицаз Даур, шьҭахьҟа аҳәаа дахырмыжьӡеит. Мчыла диасырц иақәикын, аха уаҟа инхоз иаб иашьа диҳәаны димышьҭӡеит, избанзар Гагра ақырҭцәа рнапахьы иааргахьан. Арԥыс игәы ԥыжәжәо аурыс ган ахь даанхеит. Аха ҭынч дтәозма, дцоит Шәачаҟа. Аԥсныҟа иаауаз аӷбақәа аидарақәа рықәиҵон, агәыҳалалратә акциақәа иҽрылаирхәуан. Гагра араион ахы ианақәиҭха, Даур Аԥсныҟа даауеит. Иҭаацәа аԥсшәа нараҳәаны, иашьа Рафик дахьеибашьуаз ддәықәлоит.
© Foto / из семейного архива Сичинаа Даур Коҵиа-иԥа Сыҷынаа
Даур Сичинаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2023
Даур Коҵиа-иԥа Сыҷынаа
Џьумка Чрыгба игәыԥ иаланы Гагра араион ахақәиҭтәра иалахәыз Рафик раԥхьатәи Аиааира ашьҭахь Шрома ахырхарҭахь дцоит.
Хәажәкырамзазы Аҟәа агаразы иазԥхьагәаҭаз ажәыларатә операциа анааигәаха, Даури иқыҭа ҷкәынцәеи, иара дналаҵаны 11-ҩык Гәымсҭа ахырхарҭахь идәықәлоит. Уи аҽны арԥарцәа наӡаӡа рашҭақәа нрыжьуеит…

"Ҳкомандаҟаҵаҩцәа Шромантәи ҳалбааганы Гаграҟа ҳаарышьҭуеит, ԥхьаҟатәи ажәыларатә аоперациа ҳазыҟарҵон, адҵақәа ҳарҭон. Убра сшыҟаз ауп адырра шсоуа Даур Марттәи ажәылараан хабарда дыбжьаӡит ҳәа. Аиашазы дҭахеит ҳәа схахьы иаазымгеит. Агәыӷра сыман аибашьцәа еицәхҟьаны Даур Аҟәа аганахь дықәнагалазар ауеит ҳәа. Насгьы 11-ҩык ҳқыҭауаа еиццеит, рызегьы шԥаҭахоз ҳәа схы иҭагьежьуан. Иахьа аҷкәынцәа хьыӡҳәала исгәаламшәозаргьы, жәла-жәлала еиқәысԥхьаӡар сҭахуп. Марттәи ажәылараан сашьа ицҭахеит хҩык Багаҭелиаа, убас Арсҭаа, Ҭарба, Барцыц, Тос-оӷлы, Андреев, Аиба, Кәакәасқьыр ажәлақәа рхаҭарнакцәа. Рыԥсы сакәыхшоуп", - иҳәоит аиашьа Рафик Сыҷынаа.

Рафик иашьа игәы дыҵхон, аха иԥсыбаҩ ила иабаанӡа агәыӷра ицәыӡӡомызт. Егрынӡа инаӡаз, аԥсуа бираҟ аҳәаа ишахашәыршәыруаз збаз, Аиааира иацыз ацәанырра иамҽхакыз Рафик аҩныҟа дымгьежьыкәа иҽазишәоит Даур ихабар аилкаара. Алада Ешыра инаркны Аҟәанӡа акәакьқәа шеимидоз иаҳауеит Аҟәа, Араион ҿыц алаларҭаҟны ҩнеихагылак аҿы инхо урыс ԥҳәыск илдыруа ыҟоуп ҳәа. Аибашьра цонаҵы лԥеи лареи ауаҭах аҟны итәан. Ахысбжьықәа анеиқәтәалоз, лыҷкәын ԥшьала аганқәа иҽрывакны чаагара дцалон. Ани аԥеи аԥенџьыр аҟнытә ианԥшуаз ирбон, ҵаҟа, ана-ара ишьызи ихәызи шышьҭаз. Ҽнак, ихәыз ҷкәына қәыԥшк дҳәазо дышнеиуаз рбеит, аха ахара дышзымцоз еилыркааит. Ацхыраара ирҭоит ҳәа илбаар, ргәылацәа ақырҭцәа рыцәгьа рҳәон, нас даргьы аԥырырхуан. Убри аҟнытә рыла иабоз агыгшәыгра рчҳауан. Ҩымш рышьҭахь, чаагара ицаз лԥа аҷкәын дизааигәаны данивсуаз ишәыз абушлат аҟны "Даур Сыҷынаа" ҳәа шаныз даԥхьеит. Ашьҭахь, ақырҭуа еибашьцәа аидарамҩангага машьынала ибжьаланы, ихәызи ишьызи еилаҵаны хыхь иақәыжьны ирыманы ишцаз лҳәеит.
Михаил Каԥшь - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2023
Аԥсны
"Бџьарла, напышьашәала – доусы илшоз ҟаиҵон": аибашьҩы Михаил Қаԥшь игәалашәарақәа
"Ари ажәабжь схы сыхнахит, аха аԥҳәыс гәыбӷанс илысҭозеи, лара лхаҭа аҟазаареи аҟамзаареи дрыбжьагылан. Ус сеимдарақәа ирыцысҵеит, саби сашьа Асҭамыри ансыццоз ыҟан. Ҽнак, сыԥшаауа Аҟәа сшалаз, зжакьақәа зымгәацәа иқәсуаз, аарлаҳәа имлашьуа инеиуаз ерман ҭаҳмадак дысҿаҳаит. Иара дсазҵааит "аԥсыжырҭа ҭыԥ ду аума узышьҭоу" ҳәа. Сшанханы сышихәаԥшуаз, иажәа иациҵеит: "Сара сытракториступ, ахәышәтәырҭа азааигәара ақырҭцәа мчыла ажра ду ҭызжаарц адҵа сырҭеит. Иҵегь ахацәа жыгала аус ддыруит, анаҩс ишаҳаҭцәоуп ҳәа иршьит, сара сыбналеит. Аԥсцәа шәҩык иреиҳан, аԥҳәызбацәагьы рылан, имедиаҳәшьцәазар ҟаларын. Зегьы анышә анрықәрырԥса ашьҭахь, ақырҭцәа ргәы иқәгыланы амузыка аҿакны икәашеит. Нас еиқәҿырҭуа иалагеит абрааҵәҟьа аибашьра ашьҭахь аресторан шдыргыло" ҳәа. Исаҳаз ажәабжь сыԥсы еиланархәеит, аха сымч еибыҭаны аерман ҭаҳмада сиццеит исирбарц уи аҭыԥ. Аиаша шәасҳәап ,адгьыл амца акит уи аминуҭ азы. Абраҟа сгәыӷрагьы ҿыцәаауа иалагеит", - игәалашәоит Рафик Сыҷынаа.
© Foto / из семейного архива СичинааДаур Сыҷынаа иашьа Рафик Сыҷынаа иҭаацәеи иареи.
Даур Сичинаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2023
Даур Сыҷынаа иашьа Рафик Сыҷынаа иҭаацәеи иареи.
Аибашьра ашьҭахь, абҵарамзазы, ари азеиԥш ԥсыжырҭаҿы аԥсцәа рыҵхра аԥшьыргеит. Рафик Сыҷынаа иажәақәа рыла, иара уеизгьы уа дышгылаз дгылан, 172-ҩык аибашьцәа рыбаҩ шыҵырхаз ила иабеит. Урҭ дрылан иашьагьы…
"Аԥсыжырҭаҿы сыла иабаз аибашьра аасҭа еицәаны исзааит. Ахаҳә гәы узҭазаргьы еиҟәжәон, убасҟак ихьанҭан урҭ ҳазфаз амшқәа. Сашьа Даур сара иаразнак дыздырит. Уамашәа иубаша уиаҟара дыԥхасҭамхаӡацызт. Оҭҳараа аҷкәынцәагьы иварацәҟьа акәын иахьжыз. Зегьы рхаҭара шьақәдыргылеит. Аԥсыҵхраан издырит сҩыза Варлам Тәанба иԥсыбаҩгьы. Сааигәа игылаз иаҳәшьа дылсырбеит. Ох, ишԥахьанҭоу агәалашәарагьы", - ахҭыс еиҭеиҳәоит аибашьра аветеран Рафик Сыҷынаа.
Даур ибаҩ анырыԥшаа ашьҭахь, аб Коҵиа хара имгакәа иԥсҭазаара далҵуеит…
Рафик Даур иаасҭа ҩышықәса акәын дахьеиҳабыз, аха ақәра ду нызҵаз, гәыла абырг нага диҩызахеит дызлахәыз, ила иабаз аԥсыҵхра ашьҭахь…
Аишьцәа реибашьратә лшамҭақәа рзы иранашьоуп "Агәымшәаразы" амедалқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0