Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра Аԥсни Урыстәылеи рыҩнуҵҟатәи усқәа рминистррақәа реилакқәа реилатәара мҩаԥысит

© Foto / МВД АбхазииЗаседание комитетов органов внутренних дел приграничных регионов МВД Республики Абхазии и МВД Российской Федерации
Заседание комитетов органов внутренних дел приграничных регионов МВД Республики Абхазии и МВД Российской Федерации - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2023
Анапаҵаҩра
Аиԥылара иалахәын Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә округ аҿы Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусбарҭа хада, Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәылатәи Афедерациа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра русбарҭа хада, Ҟарачы-Черқьесиа Ареспублика аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Афедералтә ҵакыра "Сириус" аҿы Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟәша рхаҭарнакцәа.
АҞӘА, жьҭаара 23 – Sputnik. Жьҭаарамза 20 рзы Гагра ақалақь аҿы имҩаԥысит ҩымштәи Аԥсни Урыстәылеи рыҩнуҵҟатә усқәа рминистррақәеи аҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩнуҵҟатә усқәа русбарҭақәа реилакқәеи реилатәара ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҩАР апресс-маҵзура.
Ауснагӡатә алагамҭаз аделегациа алахәылацәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, иара убасгьы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибаҟа аҿаԥхьа.
Ауснагӡатә аартуа, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут иазгәеиҭеит атәылақәа рыҩба рзинхьчаратә усбарҭақәа реинырра алҵшәақәа шаанарԥшуа.

"Ишдыру еиԥш, аҳәаа иахьаԥну аусеицура шьаҭас иамоуп аҳәынҭқаррақәа рсуверинитет, рзакәанԥҵарақәа,аганқәа рҵакыратә акзаара, раҳаҭыреиқәҵара. Имҩаԥгоу аусурақәа рылкаақәа ҟаҵо, агәра ганы иаҳҳәар ҟалоит узлаҽхәаша арбагақәа шыҟоу, аусбарҭабжьаратә усеицура аԥеиԥш шамоу", - иҳәеит иара.

Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә округ аҟны Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусбарҭа хада аиҳабы Сергеи Бачурин иазгәеиҭеит Аԥсны АҩАР аусбарҭа иапартниор бзианы ишыҟоу.
"Урыстәыла АҩАР аҳәаа иаԥну арегионқәа рҿы аҩнуҵҟатә усқәа русбарҭақәа русура аҳәаақәа ирҭагӡаны реинырра ԥхьаҟатәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара иазнархиоит жәларбжьаратәи атерроризм, закәаншьаҭада абџьар, анаркотикқәа реикәыршара, ацәгьоуцәа рыԥшаара аусхк аҟны", - ҳәа иҳәеит иара.
Аилатәараҿы аганқәа рылацәажәеит еиуеиԥшым, хра злоу азҵаарақәа.
Аиԥылара аихшьаалақәа рыла, аганқәа аҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ркомитетқәа аилатәара аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит. Уи инақәыршәаны, анаҩстәи анапхгарабжьаратәи аусура рконсолидациа алнаршоит.
Здание МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2023
Аԥсны
Урыстәылеи Аԥсни анаркотик изакәанымкәа аларҵәара аԥырҟәҟәааразы еилацәажәеит АҩАР аҿы
Ажәабжьқәа зегьы
0