Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа самырзаҟанаа закәанла рымҩақәҵара иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа самырзаҟанаа закәанла рымҩақәҵара иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа милаҭи аԥсуа жәлақәеи реиҭашьақәыргылара, аҳәаанырцәуаа рзинтә ҭагылазаашьазы азакәан, Ауаажәларратә палата аиҿкаашьа, амаининг хархәагақәа рымхра, уҳәа азҵаарақәа жәпакы шьҭыхын Жәлар реизара адепутатцәа реилатәараҟны аԥшьаша, ԥхынҷкәын 7 рзы. Азакәан апроектқәа рҟны иалагалоу арҽеирақәа ирыԥсахыр рылшо, иахьынӡахымԥадатәиу урҭ рыдкылара, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит "ахьтәы" ҳәа ззырҳәало апарламент ԥасатәи адепутат, Ауаажәларратә палата алахәыла Давид Ԥлиа.
Ԥлиа ицәажәараҟны иазгәеиҭеит аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа ҳауаажәлар ргәаанагарала, Самырзаҟан инхо рымҩақәҵара хьымӡӷыс изду аԥсуаа ҳауп, аибашьра анаҩс аҳәаа Мрагыларатәи ахәҭаҟны инхо изтәу аган рзеилымкаауа, ибалыбаҭо иаанхеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахҟьаны ҳәа.
"Самырзаҟан инхо, аԥсуаа ирылҵыз, аԥсуа жәлақәа змоу иҳархынҳәып аҩныҟа, избанзар 1937-1938 шықәсқәа рзы Бериа иполитикала мчыбжьык-ҩымчыбжьа рыла апаспортқәа шаны ирырҭеит "иахьарнахыс шәақырҭцәоуп" ҳәа. 30 шықәса абри аҭыԥ иаҳзықәымҵеит. Ари хьымӡӷ дууп ҳажәлар рзы", - иҳәеит Ԥлиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0