https://sputnik-abkhazia.info/20231208/khra-zlou-akhysa-lia-samyrzaanaa-zakanla-rymaara-iazkny-1049373251.html
Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа самырзаҟанаа закәанла рымҩақәҵара иазкны
Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа самырзаҟанаа закәанла рымҩақәҵара иазкны
Sputnik Аҧсны
Аԥсуа милаҭи аԥсуа жәлақәеи реиҭашьақәыргылара, аҳәаанырцәуаа рзинтә ҭагылазаашьазы азакәан, Ауаажәларратә палата аиҿкаашьа, амаининг хархәагақәа рымхра, уҳәа... 08.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-08T20:33+0300
2023-12-08T20:33+0300
2023-12-08T20:33+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
хра злоу ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/08/1049373358_0:0:2600:1463_1920x0_80_0_0_b1b0c74b26459827736a1d6ec01335f3.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа самырзаҟанаа закәанла рымҩақәҵара иазкны
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа самырзаҟанаа закәанла рымҩақәҵара иазкны
Аԥсуа милаҭи аԥсуа жәлақәеи реиҭашьақәыргылара, аҳәаанырцәуаа рзинтә ҭагылазаашьазы азакәан, Ауаажәларратә палата аиҿкаашьа, амаининг хархәагақәа рымхра, уҳәа азҵаарақәа жәпакы шьҭыхын Жәлар реизара адепутатцәа реилатәараҟны аԥшьаша, ԥхынҷкәын 7 рзы. Азакәан апроектқәа рҟны иалагалоу арҽеирақәа ирыԥсахыр рылшо, иахьынӡахымԥадатәиу урҭ рыдкылара, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит "ахьтәы" ҳәа ззырҳәало апарламент ԥасатәи адепутат, Ауаажәларратә палата алахәыла Давид Ԥлиа.Ԥлиа ицәажәараҟны иазгәеиҭеит аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа ҳауаажәлар ргәаанагарала, Самырзаҟан инхо рымҩақәҵара хьымӡӷыс изду аԥсуаа ҳауп, аибашьра анаҩс аҳәаа Мрагыларатәи ахәҭаҟны инхо изтәу аган рзеилымкаауа, ибалыбаҭо иаанхеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахҟьаны ҳәа."Самырзаҟан инхо, аԥсуаа ирылҵыз, аԥсуа жәлақәа змоу иҳархынҳәып аҩныҟа, избанзар 1937-1938 шықәсқәа рзы Бериа иполитикала мчыбжьык-ҩымчыбжьа рыла апаспортқәа шаны ирырҭеит "иахьарнахыс шәақырҭцәоуп" ҳәа. 30 шықәса абри аҭыԥ иаҳзықәымҵеит. Ари хьымӡӷ дууп ҳажәлар рзы", - иҳәеит Ԥлиа.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/08/1049373358_244:0:2559:1736_1920x0_80_0_0_d064a704ef25564bad8103db77c5dff9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
Аԥсуа милаҭи аԥсуа жәлақәеи реиҭашьақәыргылара, аҳәаанырцәуаа рзинтә ҭагылазаашьазы азакәан, Ауаажәларратә палата аиҿкаашьа, амаининг хархәагақәа рымхра, уҳәа азҵаарақәа жәпакы шьҭыхын Жәлар реизара адепутатцәа реилатәараҟны аԥшьаша, ԥхынҷкәын 7 рзы. Азакәан апроектқәа рҟны иалагалоу арҽеирақәа ирыԥсахыр рылшо, иахьынӡахымԥадатәиу урҭ рыдкылара, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит "ахьтәы" ҳәа ззырҳәало апарламент ԥасатәи адепутат, Ауаажәларратә палата алахәыла Давид Ԥлиа.
Ԥлиа ицәажәараҟны иазгәеиҭеит аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа ҳауаажәлар ргәаанагарала, Самырзаҟан инхо рымҩақәҵара хьымӡӷыс изду аԥсуаа ҳауп, аибашьра анаҩс аҳәаа Мрагыларатәи ахәҭаҟны инхо изтәу аган рзеилымкаауа, ибалыбаҭо иаанхеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахҟьаны ҳәа.
"Самырзаҟан инхо, аԥсуаа ирылҵыз, аԥсуа жәлақәа змоу иҳархынҳәып аҩныҟа, избанзар 1937-1938 шықәсқәа рзы Бериа иполитикала мчыбжьык-ҩымчыбжьа рыла апаспортқәа шаны ирырҭеит "иахьарнахыс шәақырҭцәоуп" ҳәа. 30 шықәса абри аҭыԥ иаҳзықәымҵеит. Ари хьымӡӷ дууп ҳажәлар рзы", - иҳәеит Ԥлиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.