Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба Ааигәа Мрагылара имҩаԥысуа аидысларақәа рзы: аҳәынҭқарра дуқәа ринтересқәа ирыхҟьоит

Ҳагба Ааигәа Мрагылара имҩаԥысуа аидысларақәа рзы: аҳәынҭқарра дуқәа ринтересқәа ирыхҟьоит
Анапаҵаҩра
Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҿы Ааигәа Мрагылара имҩаԥысуа аидысларақәа ахҳәаа рыиҭеит, иҳәеит избан Амшын ҟаԥшь азааигәара изҭынчым, насгьы ӡбашьас иамоузеи иааҟәымҵӡакәа ана-ара ицо аибашьра азҵаара.
Ааигәа Мрагылара уажәы ицо ахҭысқәа еснагь аҭыԥ рыман, зны маҷ-маҷ, зны еиҳа амца шыра аманы ҳәа азгәеиҭеит арадиоефир аҿы аполитолог.
"Иемен, Иран, Ирак, Газатәи ахҭысқәа ҿыц жәабыжьны иҟамлеит, арҭ аҳәынҭқаррақәа зегьы убысҟак динхаҵарыла, рыцҳарыла, беиарыла еиқәшәаӡом, аҳәынҭқарра дуқәа ирыхҟьаны ажәыларахь икылсуеит, нас хәыҷык рыҽдырҭынчуеит", - иҳәеит Ҳагба.
Иара еиҭеиҳәеит, Ааигәа Мрагылара иҟоу ахҭысқәа Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыдеи ахьынӡеидҳәалоу, насгьы аҳәынҭқарра дуқәа ринтересқәа ныррас иҟарҵо.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0