Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Асаркьа аныԥшылара – анасыԥ аира иамааноуп": анасыԥи аԥхыӡқәеи реимадара

© Sputnik / Кирилл КаллиниковНапольный торшер из еркало в малом фойе центрального вестибюля в пятизвездочной гостинице "Хилтон Москва Ленинградская" в Москве
Напольный торшер из еркало в малом фойе центрального вестибюля в пятизвездочной гостинице Хилтон Москва Ленинградская в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2024
Анапаҵаҩра
Анасыԥ иазынархоу аԥхыӡқәа ирзылкуеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа иазлырхиаз аматериал.
Абар иԥшӡакәакәараӡа ааԥын ҳашәхымс иаалагылт. Игәыбзыӷу амра ашәахәақәа уқәзырҷҷо, ашәҭқәа рыфҩы хаала ухызхуа ашықәс аамҭа ссир. Аԥсуа поетесса Нели Ҭарԥҳа зеиӷьаҟамкәа иазгәалҭеит: "Ишԥаԥшӡо ааԥын? Зны ашәҭ аауеит, зны абӷьы аауеит, зны аҳаскьынаагага анаҟә аахчылоит, иқәасуеит, иӡысуеит, ииаҵәахоит, афҩы хаа ахылҵуеит ааԥын, убас иҟоуп ауаҩытәыҩса ицәанырра хаа, аԥсҭазаара ааԥынрас иамоу – абзиабарагьы".
Ааԥын – аԥсабара аиҭаиреи анасыԥи ираамҭоуп. Анасыԥ ануҳәа, ари ажәа досу иара итәала еиликаауеит. Ауаҩы аамҭала адунеи дшану, есҽны иҿҳәара шааигәахо анидыруа, иҭахуп иԥсҭазаара ҵакыдамзарц, инасыԥ лашазарц.
Акала анасыԥ амра иаҩызоуп, амра адгьыл зегьы знык ала иазырԥхагәышьом. Ганк ианақәыԥхо, егьи аган лашьцоуп. Аӡәы ишьамхқәа иҵԥраауа даннеиуа, егьи иԥсҭазаараҿы ажәҩан иқәыбго ыҟоуп.
Горная речка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2024
Аԥсны
"Анасыԥи аманшәалареи ирдыргоу": аԥхыӡқәа рҿы аӡы ҵакыс иамоу

Анасыԥи аԥхыӡқәеи

Адунеи иаақәу ҳазынтәык ԥшрала-сахьала ҳаиԥшхараҳа, еиԥшым ҳлахьынҵақәагьы, ҳанасыԥқәагьы. Амала, аҵиаа азыҳәан ишыҟоу еиԥш ақәаԥсата, ауаҩы изыҳәан иҟоуп иара хаҭала изшоу анасыԥ. Ианакәзаалак, ԥхыӡлагьы-лабҿабагьы уи зеиԥшрахо аилкаара дашьҭоуп.
Анасыԥ атема алацәажәара иацҵо, абра иаазгарц сҭахуп Витали Ҳараниа ишәҟәы "Ашацәа рылԥха" аҟны еидкылоу анасыԥ аиуразы аԥхыӡқәа иҳарҳәо аҿырԥштәқәа:
Зышьхәа ҳараку аимаа ҿыц удыргалауа ԥхыӡ иубар – анасыԥ бзиа иазҳәоуп.
Ашҭа аӡыхь адбалара – аҭаацәа зқәымгәыӷуа насыԥк рызшахоит.
Амаркатыл аҷкәын икуа уеиԥхыӡыр – иузааигәоу насыԥк роуеит.
Асааҭ уҭиуа убар – анасыԥ ацхыраара иазҳәоуп.
Ахаҵа ма аԥҳәыс руаӡә ишьапы хтны дныҟәо убар – ргәы еихшәоит, реизыҟазаашьа аҽаԥсахуеит.
Аӡыхь ҩбаны аҽашо уеиԥхыӡыр – анасыԥ аҽашоит.
Амацәаз аԥҽра уеиԥхыӡыр – анасыԥ ашьақәҟьара иазҳәоуп.
Аӡы ҵәыцала иудыркуа уеиԥхыӡыр – анасыԥ алацәажәара иамааноуп.
Аиаҵәақәа реиԥхыӡра – насыԥла агәырӷьара иазҳәоуп.
Аҳәынҵәараҿы аӡыхь уеиԥхыӡыр – насыԥс иушьо еижьагоуп.
Асааҭ, ахьымацәаз реиԥхыӡра – анасыԥ аманшәалара иамааноуп.
Ԥхыӡла ахьы мацәаз агәам алгара – насыԥла аиқәымшәара иазҳәоуп.
Ԥхыӡла асаркьа анԥшылара – анасыԥ ааира иамааноуп.
Аԥсаатә шашәала аанкылара уеиԥхыӡыр – анасыԥ азы амҩа ақәлара иазҳәоуп.
Продавец на рынке пересчитывает деньги - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2024
Аԥсны
"Ақьаад ԥара каршәны иубазар": аԥхыӡқәа рҿы аԥара ҵакыс иамоу

Ахыркәшамҭа

Аԥсуаа ргәаанагарала ауаҩы илахьынҵа илахь иануп. Даниуа ицыршоит. Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит ажәаԥҟа "Лахьынҵа узаахәом, насыԥ каршәны иубом" ҳәа ирҳәо.
Алахьынҵа агәра згаҵәҟьо ауаа лассы-лассы ражәаҳәаҟны хархәара арҭоит: "Ауаҩы илахь иану дзахыԥом", "Доусы илахь иану дақәшәоит", "Досу илахь иану ала дымҩасуеит".
"Шәылахь абзиа анызааит" ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа.
Сон - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2022
Аԥсны
"Ԥхыӡ бзиа убааит": аԥхыӡқәа рзы жәлар разгәаҭарақәак
Ажәабжьқәа зегьы
0