Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Сыԥсы еиқәзырхаз дысцәыӡит": Низби Амԥар хәажәкыратәи ажәыларазы игәалашәарақәа

© Foto / предоставила Саида ЖибаНизби Ампар
Низби Ампар - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2024
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара иалахәыз аибашьра аветеран Низби Амԥар уахык иалагӡаны дзыниаз ахҭысқәа ртәы дырзааҭгылоит Саида Жьиԥҳа ланҵамҭаҟны.
Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара - Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны ишьаарҵәыраны зышьҭа нзыжьыз хҭысхеит. Арҭ амш еиқәаҵәақәа зхызгаз аветеранцәа иахьа уажәраанӡа ргәы амца ыҵоуп. Ихьааргоит ирывыршьааз рҩызцәа. Хәажәкыратәи ажәылара иалахәыз, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Низби Оҭар-иԥа Амԥар ҳаицәажәара ҩымш дазаазгон. Аибашьра аветеран мап икуан, ицәыцәгьан агәалашәарақәа рзыхынҳәра. Ус егьа иҟазаргьы, изулак игәшәа сҳәеит. Ари анҵамҭаҟны иаасырԥшуеит уахык иалагӡаны аибашьҩы дзыниаз ахҭысқәа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аҽны, Низби Амԥар Пицунда дыҟан. Акурорттә аамҭа ихы иархәаны, уи ахырхарҭала аус иуан. Аԥсны ашәарҭара ианҭагыла, Низби зныҭрыс зҽеидызкылаз аҷкәынцәа ргәыԥ дахәҭакны аӷацәа аҿагылара риҭеит. Муҳаммад Кьылба икомандаҟаҵарала, Кавказ-Нхыҵтәи ахатәгәаԥхаҩцәа злахәыз агәыԥ дацны Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахы ақәиҭтәра далахәын. Ашьҭахь, Низби иқыҭа гәакьа Калдахәара иалҵыз аҷкәынцәа дрыцлеит. Дахәҭакхеит актәи абаталион, ахԥатәи арота.
"Актәи абаталион командаҟаҵаҩс даман Витали Смыр. Ҳара ҳрота дахагылан Русик Зарданиа. Ажьырныҳәатәи ажәылара ҳалахәхоит ҳәа Афон ҳаргеит. Аха ус адҵа ҳмоуӡеит ԥхьаҟа ицатәуп ҳәа. Ашьҭахь, ахырӷәӷәарҭақәа аанкыланы ақырҭқәеи ҳареи ҳаиҿахысуа ҳтәан хәажәкыратәи ажәыларанӡа. Амза алагамҭазы, иаҳԥеиԥшыз ажәылара ҳазыҟарҵоит ҳәа Пицунда аԥсшьарҭа ҩны "Кәыдры" ҳаргеит. Абџьар ҿыцқәеи арҭҟәацгақәеи рыла ҳаиқәыршәаны хәажәкыра 15 ахәылбыҽха, 90-ҩык рыла ишьақәгылаз ҳрота Ешыраҟа иргеит. Аҵхыбжьон асааҭ ҩба рзы адҵа ҳарҭеит Гәымсҭа аӡиас иртәуп ҳәа", - игәалашәоит аибашьҩы.
Даур Сичинаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2023
Аԥсны
"Аибашьра еицәахеит ҳашьцәа рыбаҩ аҵхра": Марттәи ажәылараан иҭахаз Даур Сыҷынаа изкны
Ажәылара аамҭазы аԥсабарагьы ҳаҷкәынцәа аҿагылара рнаҭошәа аҽыҟанаҵеит. Гәымсҭа аҽарцәгьаны акәын ишаауаз. Калдахәаратәи аибашьҩы, аӡсра иазҟазаз, Бзыԥ аӡиас амаӡакәа здыруаз Радик Хагәышь иҽазишәеит аибашьцәа аӡы иманшәаланы ирразы ацәаҳәа ишьҭырц. Иҩызцәа ицырхрааны, ихжәаны ишьҭаз зымчхара ҳаракыз афымцатә цәаҳәа кыдҿаҳәаланы, Гәымсҭа егьи аган ирыргеит. Убри рҽанҵаны аӷацәа рганахь жәылара еихеит аԥсуа еибашьцәа.
"Аӡы арра мариамызт. Џьара-џьара ҳахәцә аҟынӡа аҩаӡара ааиуан. Ҳшьапқәа ҳаҵаҟәылон, бааԥсыла ихьшәашәан. Убасҟан хҩык змыркәа аӡиас иагеит. Зынӡа иқәыԥшӡаз Аҟәатәи ҷкәынак сыла шааԥшуаз Гәымсҭа днахәлабга дцеит. Ажәакала 70-ҩык рҟынӡа зныҭрыс ҳарит. Аӷацәа рхырӷәӷәарҭақәа ҳарзааигәахеит. Уи аамҭазы дара адырра роухьан рганахь ҳшыруаз ала. Еиҳа иахьшәарҭадараз инаскьаны рҭыԥқәа ааныркылеит. Амала ирцәынхаз апатронақәеи атанкԥжәагақәеи рацәан. Ԥхьаҟа ажәылара иацаҳҵарц азы аҭагылазаашьа ҭҵаатәын. Быжьҩык аԥшыхәцәа ираԥхьагылаз Кантик Гәынба дналаҵаны аӷацәа рганахь идәықәлеит. Ҳара амандаринаҭрақәа рҟны ҳаҽӡаны ҳтәан, ҳжәылара командаҟаҵара азҭоз Буза Гәынба ииҳәо ҳазыԥшуа", - еиҭеиҳәоит Низби Амԥар.
Ԥшыхәра ицаз рыбыжьҩык аибашьцәа анзымхынҳә, иҟарҵара рзымдыруа иаанхеит Низби иҩызцәеи иареи. Убри аамҭазы, аҩнеихагылақәа рҟнытә ахыԥсаҟьагақәа рыла аӷацәа ахысра хдыртит. Ихаларҵеит авертолиот. Ажәҩан аҟынтәи адгьыл ырлашуа ҳаибашьцәа ықәырхуа иалагеит.
"Амандаринаҭраҿы ҳхы шьҭымхкәа ҳшеилаиаз, қырҭуак "Гогьи, уабаҟоу" ҳәа ибжьы геит. Мышькәыҭ Аланиа ҳәа ҳҩызак ақырҭшәа идыруан, "ара сыҟоуп" ҳәа ҿааиҭеит. Дааҳзааигәахар дҭаҳархоит ҳәа ҳшыҟаз хҩык рхы ҳнықәԥшит. Иара уаацәҟьагьы рҭыԥ иқәаҳҵеит. Аха издыруадаз аԥшьбатәи дышрышьҭанеиуаз. Уи ахыԥсаҟьага икын. Ҩынтәгьы дахьӡеит ахысра. Ихымцақәа руак ихәда инақәшәеит зхы сыдҵаны ишьҭаиаз Мгәыӡырхәатәи аҷкәын Резо Ҳалуашь. Аҩбатәи суаҭәа иаахеит. Рома Габечиеи Гәылик Ҳаразиеи иҩны иааин, ҳҩаџьегьы ахырӷәӷәарҭахь ҳнаргеит. Аха Резо иԥсы ихыҵхьан. Сара сыхәра ҿаҳәаны сдыриеит. Убасҟан Очамчыратәи аҷкәынцәа ҩыџьа ҳгәыԥ иалашәеит, аха абџьар ркымызт. Сара уажәшьҭа автомат схы изласырхәозеи, "хьӡы алаугааит" сҳәан руаӡәы инаисыркит спатронақәеи сырҭҟәацгақәеи нацны. Амала схазы гранатак нсыжьит. Ақырҭқәа сырԥыхьашәар сыԥсы ҭаны сыҽрысымҭарц азы", - дзыниаз ахҭыс далацәажәоит аибашьра аветеран.
Арџьениа Марттәи ажәылара ашьҭахьтәи ахҭысқәа рзы: аԥышәара аамҭа ҳажәлар иаҳа еиднакылеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2023
Арадио
Арџьениа Марттәи ажәылара ашьҭахьтәи ахҭысқәа рзы: аԥышәара аамҭа ҳажәлар иаҳа еиднакылеит
Низби иҳәоит Гәымсҭа ахықә аӷа ихымца ахьымнеиз ҭыԥ шыҟам. Ус шакәызгьы, Буза Гәынба илшоит атанк аҭархара. Егьырҭ аҷкәынцәа ракәзаргьы ишыршьуаз шырдыруазгьы рабџьар ахьынӡаҭҟьоз аус адаруан. Анаҩс адҵа ҟалеит аԥсцәеи ахәцәеи ашьаарҵәыратә дәы аҟынтә рықәгаразы.
"Сара, Валикәа Амԥари Радик Ҳамыҭи сыҵагыланы Гәымсҭа сырыргоит ҳәа иалагеит. Аӡиас ҳшьапы нҭаҳаргылоны ҩаԥхьа аӷацәа ахысра хацдыркит. Иҟаҳҵагәышьоз, ҳнаиеит уаацәҟьа. Иааԥсаха иҟаз Валикәеи Радики ршьапқәа иҵааха иҟаз аӡы ишӡаазгьы, рылацәа нҭааит. Иамхацәар ҳәа сшәан срыгәҭасны исыргылеит. Ҳнаскьо ҳаналага Валикәа аӡы даанахәахьан. Нас Радик сиҳәеит, усгьы схуп, исыхьлакгьы сыхьааит, еибгоу аибашьҩы далга ҳәа. Анаҩс аҵыхәтәантәи сымчқәа еибыҭаны аӡиас арра сҽазысшәеит. Ус аҭӡаҟынӡа снаӡеит. Снапы кыдшьыло џьара махәык ма цәаҳәак збасԥыхьамшәари ҳәа сшеимдоз аҭӡы даваланы ҷкәынак иҿааихеит дсыцхраарц. Аснаипер дышиеихсозгьы игәы меиҭасӡеит. Ибжьы ҭганы "ацхыраара" ҳәа даныҳәҳәа аӡәы еиԥшьыз ацәарҭақәыршәқәа изылаишьҭит. Сара сахьынҳаларц исиркит, аха аиԥшьырҭа еиҿҟьан сӡааҟәрылеит. Зегь акоуп уи аҷкәын скаимыжьит, схы санҩаха, еиҭа инапы сиркоит ҳәа даҿын, аха сара аӡы далаҳар ҳәа сшәан мап скит. Нас еиҭа ибжьы ҭганы "ацхыраара" данаҳәа ҩыџьа аҷкәынцәа лбаан сеицҭыргеит. Ари ахҭыс аахыс 32 шықәса шҵхьоугьы уи арԥыс иблақәа сыла ихгылоуп. Иара иакәымзар Гәымсҭа сналахәаша сцон. Рыцҳарас иҟалаз ихьӡи ижәлеи сыздыруам. Ахҭыс еиҭаҳәо егьараан ана ара сизҵаахьеит, аха дысзымԥшааит. Иԥсы ҭаны аибашьра далҵит, игәы бзиоуп ҳәа саҳар, насыԥ дуны исԥхьаӡоит. Иашьа дикәахшоуп", - аӷацәа рхымца дшалҵыз игәалашәоит Низби.
Хәажәкыратәи ажәылара ауха, Калдахәаратәи арԥыс Амиран Григолиа ибзоурала ԥыҭҩык ҳаибашьцәа рыԥсы еиқәхеит. Иара ахыԥсаҟьага даҿагылан. "Спатронақәа нҵәаанӡы схыслоит, шәара шәцала" иҳәан ус аҵыхәтәанӡа иҭыԥ нимыжьит. Ипатронақәа анынҵәа аӷацәа дҭадырхоит. Габечиа ҷкәынак (ихьӡ еилкаам) аԥсаҳәызбала мацара аԥсуеи ақырҭуа гани ирыбжьаз аҭӡы аҵа кылжәаны 15-ҩык рҟынӡа ҳаҷкәынцәа кылигеит. Абас рхатә ԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыло рашьцәеи рҩызцәеи рымҩақәа аадыртуан.
"Хәажәкыратәи ажәылара иалахәын зынӡа иқәыԥшӡаз ҳашьцәа еиҵбацәагьы. Лика ҳәа заҳҳәоз Григолиа ҷкәын 17 шықәса ракәын ихыҵуаз, ахаҵа нага игәы изҭан, ҳаԥхьа дгылан еибашьра данцоз. Дгәымшәан Виталик Григоиа", - иажәа иациҵоит аветеран.
Кобахьиа: Марттәи ажәылара ашьҭахь аԥсуаа рыр аҟны амцҳәара маҷхеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2023
Арадио
Кобахьиа: Марттәи ажәылара ашьҭахь аԥсуаа рыр аҟны амцҳәара маҷхеит
Низби Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь дыргеит. Иара убраҟа еиликааит иашьа Нурбеигьы дыхәны дшааргаз. Аишьцәа еицышьҭарҵарц акәын, аха Низби Гаграҟа даарышьҭит ишьапы хҵәатәуп ҳәа. Аха уаҟа ихылаԥшуаз иаҳәшьа уи дақәшаҳаҭымхазт Шәачаҟа длыманы дцеит.
"Шәача маҷк ахәшәтәра санахыс, саҳәшьа Краснодарҟа сылгеит. Уаҟа сԥырҟеит. Ашьҭахь Москва сеиҭаԥырҟеит. Сгәабзиара аиҭашьақәыргылара аамҭа рацәаны иаҭаххеит. Сҭагылазаашьа убас иҟан, амҵ ԥыруазар абжьы сзымчҳауа сҳәаратәы снервқәа сдыргәамҵуан. Сшьапы иахьагьы ахьаа амоуп, аха салашьцылеит", - иҳәоит аибашьҩы.
Низби Амԥар Аԥсны аӷа хәымга даналцаха аҵаргәақәа дырнын азы, Аҟәанӡа ихала дцартә изыҟамлеит. Мышқәак рышьҭахь, иҩызцәа дганы идырбеит зхы иақәиҭыз аҳҭнықалақь. Убас Галгьы еиманы ицеит. Аибашьра аветеран, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу, ахԥатәи агәыԥ аинвалид Низби Оҭар-иԥа Амԥар иахьа иԥсҭазаара дырлашоит хҩык иԥацәа. Низби аԥсҭазаарахь дзырхынҳәыз алахьынҵа иаҭәашьан ҳазшаз имчала.
Гумиста  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2023
Аԥсны
Ҳаҟанаҵ, иаҳхашҭран ҳаҟаӡам: Марттәи ажәылараан иҭахаз ҳаибашьцәа ргәалашәаразы
Ажәабжьқәа зегьы
0