Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аҭакԥхықәра шәышықәса днанагеит": аибашьра Ду аветеран Кәына Гыцба инысымҩа

© Foto / предоставила семья Гыцба Кәына Гыцба
Кәына Гыцба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2024
Анапаҵаҩра
Иҟамзар ҟалап Аԥсны ҭаацәарак, аҭоурыхтә хҭыс хьанҭақәа зкьымсыз. Ҳауаажәлар рыбжеиҳараҩык амҳаџьырра иалаӡеит, Сталини Бериеи рполитика хәашь иахәлабгеит шәҩыла ҳмилаҭ ахаҭарнакцәа, Гитлертәи Германиа зықьҩыла аԥсуа хацәеи аҭыԥҳацәеи рыԥсҭазаара бжанатәит. Иахьатәи санҵамҭаҟны зыӡбахә шәзеиҭасҳәо афырхаҵа Кәына Шьрыф-иԥа Гыцба дызлыҵыз аҭаацәа, имаҷымкәа арыцҳарақәа рхыргеит. Ирнырит арепрессиатәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи ирыцыз ахьаа. Ажәабжь анҵоуп Кәына Шьрыф-иԥа имаҭа Саҭбеи Гыцба иажәақәа рыла.
Бзыԥҭа аҳаблан зхатә џьабаала зыбзазара еиҿкааны инхоз Шьрыф Гыцба иҭаацәа, рыуаажәлар рыҩнуҵҟа ҳаҭыр рыман. Иԥшәмаԥҳәыс Мариа Бениаԥҳаи иареи хҩык ахшара рааӡеит, ҩыџьа аԥацәеи аԥҳаи. Дара уажәшьҭа абдуреи андуреи аныҟәгара аамҭа ианҭагыла, Сталини Бериеи рполитика хәашь иахҟьаны, игәы иҽанӡамкәа, харада ахара идҵаны иҩны дындәылганы дыргоит зыуаҩыбжара иҭысхьаз Шьрыф. Уинахысгьы игәакьацәа иӡбахә рмаҳаӡеит. Аб иаамышьҭахь, аҭаацәа рныҟәгареи, рыхьчареи рҿы аҭакԥхықәра идлеит ахшара иреиҳабыз Кәына. Шықәсқәак рышьҭахь, Аԥсны иамаз ахәрақәа ӷьаанӡа, ҩаԥхьа "аԥҭа еиқәаҵәа" ахаԥеит. Иалагеит Асовет жәларқәа ирзеиԥшхаз Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду. Кәынеи иашьеиҵбы Платони азеиԥш ԥсадгьыл ахьчараз игылеит.
Аибашьра Ду аветеран Џьота Џьапуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2024
Аԥсны
"Дыԥсны дыбзахеит": аибашьра Ду аветеран Џьота Џьапуа изкны
"Аибашьра ианалагоз сабдуи иашьеи 40 шықәса ирҭысхьан. Сабду дҭаацәаран, санду Какашьа Кәакәасқьырԥҳаи иареи ҩыџьа аԥацәа рхылҵхьан. Асабицәа иԥшәмаԥҳәыс илызныжьны, иԥсы ҭаны дхынҳәуеит ҳәа агәыӷра имамкәа афронт ахь дцоит. Деибашьуан Калининтәи ахырхарҭаҟны, ахыԥсаҟьага даҿагылан", - еиҭеиҳәоит Кәына Гыцба имаҭа Саҭбеи.
1944 шықәсазы, Кәына ӷәӷәала дырхәоит. Изшьапык имыхәо ианалага, аҩныҟа даарышьҭуеит. Платон иакәзар, афронт ахь данца нахыс иӡбахә еилкаамхеит. Иахьа уажәраанӡагьы хабарда дыбжьаӡит ҳәа дыԥхьаӡоуп.
Занааҭла иуасҭаз Кәына, аинвалидра шимазгьы иҭаацәа батәын аҟнытә иус днадгылеит. Акырџьара аргыларақәа руасхыр иара иоуп ишьҭазҵоз.
Кәына иқәрахь данааи, Бзыԥҭа, Аԥсны Жәлар рартист Баграт Багаҭелиа еиҿкааны имаз афольклортә ансамбль "Кьараз" далалеит. Шәышықәса даназааигәаха, Аԥсны еицырдыруаз аетнографиатә ашәаҳәаратә акәашаратә ансамбль ахь ааԥхьара ииҭеит уи напхгара азҭоз Аԥсны Жәлар рартист Кәасҭа Ченгьелиа. Кәына ари аколлектив дацны Европа атәылақәа жәпакы рҟны афестивальқәеи аконкурсқәеи дрылахәын. Венгриа ианықәгылоз иаԥсахеит аҳамҭа хада "Ахьтәы ԥсаркәты" (Золотой павлин).
Аишьцәа Царгәышаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2024
Аԥсны
"Хә-лахьынҵак": Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду иалахәыз аишьцәа Царгәышаа рҭоурых
"Ансамбль "Нарҭаа" шьақәгылан аиҳарак шәышықәсеи инеиҳаны изхыҵуази абыргцәа рыла. Садбу изшьапык ишиҭахыз еиԥш ишимыхәозгьы асценаҟны уи иныԥшӡомызт. Абри ансамбль даналала нахыс дыҷкәыназшәа дааҟалеит. Иара убри акәзаргьы ҟалап изыбзоурахаз иниҵыз ақәра дугьы", - иҳәоит Саҭбеи.
Кәына Гыцба иҭаацәа ҳаҭырла изыҟан. Иара иакәын зегь раасҭа ихаданы ирбоз аҩнаҭа. Саҭбеи игәалашәоит асасцәа анырзааиуаз, иабду ишьапы шихьуазгьы иаби иареи иаԥасны агәашә ахь ишымцоз. Кәына ԥшьала ишьаҿа еихыго "бзиала уаабеит" раԥхьаӡа асас иаиҳәар акәын.
"Ҳаҩны асасцәа рацәаӡаны иаҭаалон. Еиуеиԥшым аныҳәақәа раан Бзыԥҭа имҩаԥысуаз аҽырыҩрақәа рышьҭахь, сабду жәаҩыла ауаа иманы даауан. Саб уи дашьцылахьан аҟнытә, заанаҵы ашьтәа ирмазеиуан. Урҭ аамҭақәа анысгәалашәо сгәы аԥхарра ыҵалоит. Игәхьаазгоит ражәабжь ссирқәа. Закәытә ԥсабаратә ҟәышразеи ирылаз усҟантәи адуцәа", - ҳәа азгәаиҭоит сажәабжьҳәаҩ.
Геворк Кещян - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2024
Аԥсны
Хатәгәаԥхарала афронт ахь дцеит: Геворк Кешьиан иеибашьратә мҩа иазкны
Кәына Гыцба аҳаблаҟны мацара акәымкәа Аԥсны зегьы деицырдыруан. Ҳаҭыр ду иқәын, иажәа иацныҟәон.
"Сабду аҟазшьа бзиаӡа иман. Иахьаҭахыз дыџьбаран, иахьаҭахыз дҟәымшәышәын. Имаҭацәа ҳакәзар дҳахӡыӡаауан. Знызаҵәыкгьы ажәа хәахәак иара иҟнытә иаҳмаҳаит", - игәалашәоит Саҭбеи.
Кәына Гыцба иԥсҭазаара далҵит шәышықәса анихыҵуаз, 1998 шықәсазы. Аибашьра Ду аветеран ианашьоуп хыԥхьаӡара рацәала аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп "Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аорден II аҩаӡареи" "Жуков имедали".
Ажәабжьқәа зегьы
0