Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аибашьра ицаз арҵаҩы": Грышьа Қәаблыхә-иԥа Хагәышь изкны

© Foto / предоставила Саида ЖибаГриша Хагуш
Гриша Хагуш - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2024
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ианалага, иреиҳау аҵара змаз, рҵаҩыс аус зуаз Грышьа Қәаблыхә-иԥа Хагәышь дышҭаацәаразгьы, ашкол аҿы абиԥара ҿа реиҵааӡара дшаҿызгьы афронт ахь иԥхьоит. 25 шықәса ирҭагылаз Грышьа дақәшәоит амца ахьықәшоз Моздок. Аибашьҩы инысымҩа анҵоуп имаҭа Руслан Хагәышь иажәақәа рыла.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалага, Қәаблыхә иԥацәа рыхҩыкгьы Грышьеи, Мыдеи, Ҭанеи еишьҭаргыланы афронт ахь ирыԥхьоит. Уи аамҭазы Грышьа дҭаацәаран, иԥшәмаҳәыс Фениа Амҷԥҳаи иареи аԥҳахәыҷы дрыман. Дара ишқәыԥшӡаз рынасыԥқәа еиларҵеит. Аҟәа, Горки ихьӡ зху арҵаҩратә институт аҟны аҵара еицырҵон. Рҩыџьегьы рҵаҩцәан.
Грышьа Кавказ ахьчараан 1941 шықәсазы дырхәит. Агоспиталь данылрҩаа ашьҭахь ҩаԥхьа иҩызцәа дрыхьӡеит. Уи ашықәсан аԥсуа солдаҭ еиҭа аӷа ихымца иқәшәоит, анцәа имчала уигьы дацәынхоит. 1942 шықәсазы аибашьҩы иоуит дхымхәаны дҟазҵо ахәра ӷәӷәа. Усҟан игәыԥ дшьуп ҳәа иԥхьаӡаны ԥхьаҟа имцар амуит. Аҩныҟа, Бзыԥҭаҟа ашәҟәы ааит "Грышьа Хагәышь иԥсадгьыл ихы ақәиҵеит" ҳәа. Иара уи аамҭазы Моздок агоспиталь дышьҭан.
Аибашьра Ду аветеран Џьота Џьапуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2024
Аԥсны
"Дыԥсны дыбзахеит": аибашьра Ду аветеран Џьота Џьапуа изкны
"Сабду дыршьит ҳәа заҳаз ҳауа, ҳҭынха еизаны аҵәыуара мҩаԥыргеит. Агәакьацәа ашәы ршәырҵеит. 40 мшы аҽны, иҭаацәа аԥсхәра аныруаз иара армаҭәа ишәҵаны, алаба иҽанҵаны ашҭа дааҭалеит. Ари ахҭыс ажәлар акраамҭа ирхашҭуамызт", - еиҭаиҳәоит амаҭа Руслан.
Грышьа иашьцәа Мыдеи Ҭанеи аибашьра зегьы рхаганы иааит. Ҭана Берлинынӡа днаӡеит.
Грышьа ахԥатәи агәыԥ аинвалидра шимазгьы ижәлар рымаҵ аура даҿын. Иԥшәмаԥҳәыс Фениеи иареи шықәсы рацәала ашкол аҿы аус руит. "Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩцәа" ҳәа ахьӡ ҳаракы рхын. Изныкымкәа, ԥсыцқьарала рнапы злакыз аус азы аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рыла иалкаан. Асовет аамҭазы ҳтәыла иахаԥаны иҟаз ақырҭуа милаҭ, аԥсуа цәа зыҟәныз аларҟәра иаҿын. Дара рполитика хәашь Грышьеи Фениеи изныкымкәа аԥынгылақәа рызцәырнагон. Аха ус егьа иҟазаргьы ажәлар рыбзиабара иҳаранакит. Грышьа Хагәышь аамҭа-аамҭала еиуеиԥшым амаҵурақәа ныҟәигахьан. Ашкол адиректорс, Бзыԥҭа ақыҭсовети аконлхареи рхантәаҩыс аус иухьан.
Аишьцәа Хагәшьаа реибашьратә мҩа хҭысла ишҭәызгьы, рыхшара раԥхьа знызаҵәыкгьы иаламцәажәеит.
Аишьцәа Царгәышаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2024
Аԥсны
"Хә-лахьынҵак": Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду иалахәыз аишьцәа Царгәышаа рҭоурых
"Сабду иашьцәеи иареи изнысыз амҩа хьанҭа рхадыршҭыр акәын ирҭахыз. Иахьыҟаз иахьаныз машәыршәа ирҿыҵымшәозар, рыхшара ирыдтәаланы акагь рзеиҭарымҳәаӡеит. Хымԥада ҳаргьы иаҳдыруа зынӡа имаҷӡоуп. Исгәалашәоит ацәгьеи абзиеи раан ауаа дуқәа идәтәаланы ианиазҵаауазгьы иҩызцәа рыӡбахә акәын ииҳәоз. Зынӡа ихы ӡыригомызт. Сабду анхамҩа аганахь ала иҿысҵааз рацәоуп. Иара ашәарыцара бзиа ибон, аԥсыӡ икуан, арахә, аԥсаса иааӡон. Убарҭқәа рахь агәыбылра сиркит", - иҳәоит амаҭа.
Аибашьра ашьҭахь, Грышьеи Фениеи даҽа хҩык ахшара рхылҵит. Рыԥҳаиҳаб Мери илышьҭанеит Нелии, Вадики, Виталии. Дара зегьы иреиҳау аҵара ддырҵеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан бџьаршьҭыхла иԥсадгьыл ихьчон Грышьа иԥа- Витали. Дрылахәын ажәыларақәа жәпакы. Ианашьан "Агәымшәаразы" амедал. Рыцҳарас иҟалаз, Витали аҭынч ԥсҭазаара анышьақәгыла машәырла дҭахоит.
Аибашьра Ду аветеран, еиуеиԥшым амедалқәеи аорденқәеи занашьаз Грышьа Қәаблыхә-иԥа Хагәышь иԥсҭазаара далҵит 84 шықәса дшырҭагылаз. Иара игәалашәара игәакьацәа реиԥш дызлыҵыз Бзыԥаагьы ирхашҭуам.
Ажәабжьқәа зегьы
0