"Дыҭҟәан ҳәа иԥсадгьыл дахган": аибашьра аветеран Азиба Ҭаниа изкны

© Foto / из архиива семьи ТаниаАзиб Таниа
Азиб Таниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2024
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ианалага, азеиԥш ԥсадгьыл ахьчара иазгылаз Дәрыԥшьаа рҵеицәа рыгәҭа дыҟан Азиба (Виктор) Мачагәа-иԥа Ҭаниа. Иара 24 шықәса ракәын ихыҵуаз афронт ахь данцоз. Арԥыс 1942 шықәсазы дырҭҟәоит, аибашьра ашьҭахь иҩныҟа дхынҳәуеит, аха хара имгакәа, Сталин идҵала иԥсадгьыл дахган, аҭҟәацәа ԥсахыҩцәан ҳәа иԥхьаӡаны. Азиба иҭоурых анҵоуп иԥҳа Аза Ҭаниаԥҳа лажәақәа рыла.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Дәрыԥшь ақыҭан хатә џьабаала инхоз Мачагәа Ҭаниеи Шьамсиа Ҳалуашьԥҳаи хәҩык ахшара рааӡеит, хҩык аҷкәынцәеи ҩыџьа аӡӷабцәеи. Рԥеиҳабы дышқәыԥшыз ачымазара иахырҟьаны идунеи иԥсахит. Аб иҵәҩаншьап змырӡшаз Азибеи Арзамеҭи ракәхеит.
1941 шықәсазы Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ианалага, аишьцәа рыҩџьегьы абџьар шьҭыхны амцашыра иалагылеит. Азиба деибашьуан Аладатәи афронт аҟны 176-тәи ахысратә дивизиа даланы. Дрылахәын Украинеи, Молдовеи, Алада Урыстәылеи, Кавкази уҳәа рҟны имҩаԥысуаз ажәыларақәа. Кавказ анҭыҵтәи афронт аҟны, Азиба идивизиа Моздоки Орџьоникиӡеи рыхьчаразы иаанарԥшыз алҵшәазы ианашьан "Абираҟ ҟаԥшь" аорден. Усҟантәи аамҭазы, иааизакны ас ҳамҭала иалыркаауаз архәҭақәа маҷӡан. Жьҭаара 7 1942 шықәсазы асовет солдаҭ Азиба Ҭаниа анемец фашистцәа дыҭҟәаны дыргоит. 1945 шықәсанӡа ибаандаҩыз Азиба иашьа Арзамеҭ дҭахеит ҳәа акәын ишидыруаз. Аха иара уи аамҭазы ӷәӷәала ахәра зауз, изнапык хҵәаны, изшьапык дызхымгыло аҩныҟа даахьан.
Гриша Хагуш - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2024
Аԥсны
"Аибашьра ицаз арҵаҩы": Грышьа Қәаблыхә-иԥа Хагәышь изкны
"Саб иҩызцәеи иареи иахьҭакыз даара аџьабаа ддырбон, рыфеи рыжәи иагын, ргәабзиара кәадан. Аибашьра ашьҭахь аҭҟәацәа рхы ианақәиҭыртәа саб ииулак Дәрыԥшьҟа дхынҳәит. Игәабзиара анышьақәгыла аусура далагеит. Ақыҭаҟны арахә рҳақьымс дыҟан. Маҷк иаагарҭақәа аныҟала дҭаацәарахеит. Иԥсҭазаара ицеиҩылшеит сан Анна Ҟаитанԥҳа. 1951 шықәсазы, Сталин идҵала, аибашьраан аҭҟәара иақәшәаз аԥсадгьыл рҭиит ҳәа иԥхьаӡаны атәыла ахгара иқәырҵеит. Дахьцоз, сани иихьаз ҩыџьа рхәыҷқәеи Казахсҭанҟа ицҵаны иршьҭуеит. Усҟан Аԥснынтәи уахь иахгаз аԥсуаа рацәаҩын. Вагонла иргон", - лҭаацәаратә ҭоурых еиҭалҳәоит Аза Ҭаниаԥҳа.
Атәым дгьыл аҟны Азибеи Аннеи ҩаԥхьа хатәџьабаала рыбзазара ашьақәыргылара иалагеит. Аамҭа хьанҭа шырныруазгьы рхәыҷқәеи дареи амлеи ахьҭеи рҽадмыркит. Иара уигьы зыбзоуроу, уахь иқәнагалаз, еизааигәаны инхоз аԥсуаа аӡәи-аӡәи ахьеицхыраауаз ауп. 1953 шықәсазы Сталин иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, зыԥсадгьыл иахгаз азин роуит рыҩныҟа ахынҳәразы.

"Сҭаацәа Казахсҭан иахьынӡаҟаз аԥҳахәыҷгьы дроуит. Ус хҩык ахшара рыманы амҩа иқәлеит. Ирыцны иааит ҩ-ԥсыуа ҭаҳцәак Кьылааи Смырааи", - лажәа иацылҵоит аԥҳа.

Азиба иҭаацәа иманы иаб игәараҭахь данаа аамҭазы, Арзамеҭгьы инасыԥ иԥшаахьан. Дара ԥыҭраамҭак ҩнаҭак аҟны еицынхеит, ашьҭахь Азиба хазы инхара еиҿикааит. Азибеи Аннеи даҽа ԥшьҩык ахшара рхылҵит. Хаҵеи ԥҳәыси быжьҩык ахәыҷқәа рааӡара анаҩсгьы аџьабаа рацәа рбон аколнхараҿы. Ԥхӡашала мацара ршьапы иқәгылеит. Имариоума нас хыџьара ҿыцымҭала абзазара ашьақәыргылара…
Џыр Чыкәбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2024
Аԥсны
"Х-ҭоурыхтә хҭыск": аибашьра Ду аветеран Џыр Чыкәбар изкны
Ажәабжьқәа зегьы
0