Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Жәаа ихыҵуан": Алықьса Лакәаба иеибашьратә мҩа иазкны

© Foto / из архива семьи ЛакәабаАлықьса Лакәаба
Алықьса Лакәаба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2024
Анапаҵаҩра
Зықәра иаҵанамккәа ишәхьаз Лыхнытәи арԥыс Алықьса Мысҭафа-иԥа Лакәаба, инагӡаны 18 шықәса ихымҵӡацызт аҭаацәара даналала. Аха шықәсыбжак ааҵуаны иара ида ахаҵа агәараҭа дшахымзгьы, аибашьра иԥхьоит. Алықьса инысымҩа анҵоуп иԥҳа Зинаида лажәақәа рыла.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Алықьса иаб Мысҭафа хынтә аҭаацәара далалахьан. Аҵыхәтәаны Лиза Агрԥҳа лҟнытә иара ихшеит аԥеи аԥҳаи, Алықьсеи Қаниеи. Мысҭафа зынӡа ааҩык ахшара иман, аха аиҵбацәа ирызҳаанӡа иара идунеи иԥсахит. Лиза хатә џьабаала лхәыҷқәа ршьапы иқәлыргылеит. Ишахәҭаз еиԥш Қаниа ҩынра длышьҭит. Алықьса иакәзар 18 шықәса нагӡаны ихыҵаанӡа дҭаацәарахеит, диразҟхеит Татиана Арсиаԥҳа.
Азиб Таниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2024
"Дыҭҟәан ҳәа иԥсадгьыл дахган": аибашьра аветеран Азиба Ҭаниа изкны
"Ҳаб иқәра маҷын, аха хаҵа наӡак еиԥш ихшыҩ шәхьан. Иан дрыцҳаишьон, иԥшәмаԥҳәыс ҳаҭыр лықәиҵон. Усҟан анхара анҵыра уадаҩын, аха дара рҳәоу еиқәшәаны ирылдыршон ахныҟәгара, арахә рааӡон, адгьыл иқәаарыхуан", - еиҭалҳәоит Алықьса иԥҳа Зинаида.
Алықьсеи Татианеи рынасыԥ анеиларҵа ашьҭахь, шықәсыбжак ааҵуаны, иалагеит Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду. Иани иԥшәмаԥҳәыси "амлеи ахьҭеи шәҽашәмыркын" ҳәа нараҳәаны ашҭа дынҭыҵит. Уи нахыс бжьышықәса иӡбахә еилкаамызт.
Алықьса раԥхьа дыргоит Гори ақалақь аҟны. Уантәи ҩызцәеи иареи арратә ҽазыҟаҵара ианахыс иршьҭуеит Украинатәи афронт ахь, еибашьуан 81-тәи ахысратә полк иаланы. Алықьса еилҟьаз, зыгәра газ солдаҭын аҟнытә, акомандаҟаҵаҩцәа изныкымкәа ԥшыхәра ддәықәырҵахьан. Зынгьы иҩызеи иареи анемеццәа шрылахысуазгьы аӷацәа руаӡәк дыҭҟәаны дыргеит. Иара убра Алықьса иоуит раԥхьатәи ахәрагьы. Агоспиталь данҭыҵ диаргоит 48-тәи ажәыларатә дивизиахь. Аамҭак ашьҭахь аԥсуа еибашьҩы авзвод командаҟаҵаҩс дарҭоит. Ажәыларақәа руак аан иара 18 хы иқәшәоит.
Чкукура Орчукба - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2024
"Ҩыџьа аишьцәа ирхылҵыз": аибашьра Ду иалаӡыз Орчыҟәаа ирызкны
"Саб деибашьуан Ростов, Донбасс, Славианск, Лисичанск, Запорожие уҳәа ахырхарҭақәа рҟны. Иара ақәыларақәа руак аан ӷәӷәала данырхә, иҩызцәа дшьуп ҳәа ихыҵны ицоит. Аха машәыршәа дгәазҭаз ҩыџьа асолдаҭцәа рыбзоурала, иԥсы еиқәхоит. Ешелонла Саратовтәи агоспитальқәа руак ахь ддәықәырҵоит", - лҳәоит аԥҳа.
Алықьса ихәрақәа анӷьа, ҩаԥхьа абџьар шьҭихоит. Асовет Еидгыла аӷацәа аналарца ашьҭахь даҽа ҩышықәса Аԥсныҟа даартә еиԥш изыҟамлеит, ирратә уалԥшьақәа ирыциҵон.
1947 шықәсазы ауп Алықьса Лакәаба иҩныҟа даныхынҳә. Иан анцәа иџьшьаны лыԥсы ҭан, иԥшәмаԥҳәыс лакәзаргьы, абарҭ ашықәсқәа зегьы Алықьса дизыԥшын.
Аибашьҩы II-тәи агәыԥ аинвалидра шимазгьы, маха-шьахала дыӷәӷәан. Ақыҭанхамҩа инапы алакын. Наҟ-наҟ Алықьсеи Татианеи быжьҩык ахшара рхылҵит, фҩык аԥҳацәеи аԥеи.
© Foto / из архива семьи ЛакәабаАлықьса Лакәаба
Алықьса Лакәаба - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2024
Алықьса Лакәаба
"Ҳаб даара аҟазара злаз уаҩын. Исгәалашәоит, есыуаха ҳанааидтәалалоз агитара арҳәауа ар ашәақәа анаҳзиҳәоз. "Катиуша" анынаигӡоз, "ари аибашьраан ҳахәрақәа зырӷьоз" акәын иҳәон", - лаб дихцәажәоит Зинаида.
Алықьса Лакәабеи Татиана Арсиаԥҳаи, аибашьра ашьҭахь егьа аџьабаа рбазаргьы, рыхшара рыла ргәы дуун. Ирнырит абдуреи андуреи иацыз аԥхарра.
Алықьса Мысҭафа-иԥа Лакәаба ианашьан "Аџьынџьтәылатәи аибашьра аорденқәа I-II-тәи аҩаӡара".
Ажәабжьқәа зегьы
0