Лев Кәыҵниа: АҶА аминистрраҿы аус зуа еснагь русура иазыхиоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАҶА аминистр Лев Кәыҵниа
АҶА аминистр Лев Кәыҵниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа русбарҭа еиҿкаан Аҧсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаҧшь иқәҵарала 11 шықәса раҧхьа ԥхынгәы 4 рзы. Ари аусбарҭа аусура ашьақәгылашьеи, аспециалистцәа реиҵааӡаразы аминистрра иҟанаҵо аусура атәи Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.

Sputnik

- Лев Константин-иԥа шәаргьы ҳаргьы ҳаимадоуп ҳусура аганахьала, лассы-лассы ҳастудиахь шәааҳаԥхьоит. 11 шықәса раԥхьа ари аусбарҭа аԥҵара ахәҭоуп ҳәа изыԥхьаӡада, ажәалагала ҟазҵада? Шәара хаҭала ишԥашәыдашәкылеи?

— Ҳәарас иаҭахузеи, иарбан усзаалакгьы иҿыцу алагара, ашьақәыргылара — иус хьанҭоуп. Ари аусура ашьақәгылара сымацара сакәӡам изыбзоуроу. Ари аусбарҭа аԥҵахаанӡа Аԥсны иҳаман аҩныҵҟатәи аминистрра иадыз амца арцәаҩцәа ргәыԥ. Ишышәҳәаз еиԥш аусбарҭа еиҿкаан Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иқәҵарала. Ари аҩыза аминистрра аиҿкаара аҭахуп ҳәа анҳаиҳәа, Сергеи Џьонуеи сареи напы аҳаркит. Иахьа иҵуеит 11 шықәса Аҭагылазаашьақәа чыдақәа рминистрра аԥҵоижьҭеи. Сара сгәы иаанагоит ицәгьамкәан аусура шьақәгылоуп ҳәа. Ҳәарада, ари аиҿкаара иадуп аџьабаа рацәаны. Ҳзанааҭ убас иҟоуп "иахьа иҟасҵаз азхоит, уаҵәы саатәап" ҳәа иауӡом. Ҳусураҿы уахгьы-ҽынгьы, есымша, уахьыҟазаалакгьы агәҽанызаара умазар ауп. Сгәы иаанагоит Аҭагылазаашьақәа чыдақәа рминистрра 11-шықәса ирылагӡаны имаҷымкәа аус ҟанаҵит ҳәа.

АҶА. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Кәыҵниа: ақалақь ауааԥсыра ҳусбарҭахь аҭел иаҳзасуан

- Аҭагылазаашьақәа чыдақәа рминистрра анаԥҵаз инаркны иахьеи аамҭа рацәа бжьысит. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны иалышәкаарц шәылшоума шәусураҿы еиҳа- еиҳа ирацәахоз ахҭысқәа? 

— Ҳусура ашьақәгылара раԥхьатәи ашықәсқәа рзы ицәгьан, избан акәзар аусуҩцәа рыпрофессионалтә ҩаӡара ҳаракызар ауп. Напы аҳаркит аҿар рааӡара. Исҳәарц сҭахуп арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны уи аганахь ала ирацәаны аус аауит Урыстәылатәи ҳколлегацәа ҳацырхрааны. Урыстәыла ацхыраара ҳарҭоит еиҳарак аҵара аганахьала, сынтәа мацара иреиҳау аҵараиурҭа иалганы иааит аа-ҩык аспециалистцәа.

- Аҿар азҿлымҳауп ас еиԥш иҟоу аусура ишышәҳәо ала?

— Ааи, аҵара зҭаху даара ирацәахеит, арзаҳалқәа рхыԥхьаӡара ес-шықәса иацлоит. Аиашазы, зегьы ҳазҳадкылаӡом, излаҳадаҳкыло акритериқәа рацәоуп, еиҳарак арԥарцәа ргәы бзиазар ауп. Абри азанааҭ алызхуа даҽа дунеихәаԥшышьак имазар ауп, избан акәзар, ргәы иаанагар ҟалоит уахьахәаԥшуа имариоуп ари аус ҳәа. Аха ҩнуҵҟала уазымнеир иуадаҩуп аусура, ара иаҭахуп агәымшәара, арыцҳашьара, еснагь ҩнуҵҟала дазыхиазар ауп ауаҩы ицхыраара. Ажәакала, иԥсыҽу аус изуӡом. Убриа аҟынтәи аҵарахьы иаҳашьҭо зегьы ирацәаны аус рыдааулоит. Иааидкыланы хыԥхьаӡарала иуҳәозар, аҵара иҭоуп 30-ҩык инреиҳаны, 12-ҩык рҵара хырқәшаны иаҳзаахьеит. Ари апроцесс аанкылахаӡом, иҵегь инарҭбааны аусура ҳгәы иҭоуп. 

Лев Кәыҵниа Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

- Лев Константин-иԥа ари аусбарҭа аусура аԥхынра аҽарҭбаауеит. Шәҭагылазаашьа шԥаҟоу аусуҩцәеи атехникеи рыла? 

— Иахьа 540-ҩык аус руеит Аҭагылазаашьақәа чыдақәа рминистрраҿы, урҭ ирхыԥхьаӡалоуп аԥышәа ӷәӷәа змоу аспециалистцәа. Аиқәырхаҩцәа шамахамзар Урыстәыла аҽазыҟаҵарақәа ирхысхьеит. Иахьазы, аус зуа аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рус иазыҟаҵоуп, ишахәҭоу еиԥш инарыгӡоит. 

- Шәусураҿы абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны егьа хҭыс шәрылахәын, еиҳа иуадаҩыз, шәымчқәа ахьазымхәоз, еиҳа ишәарҭаз ҳәа иалышәкаауа акыр ыҟоума?

— Ус ҳамч зқәымхо иалыскаартә ҳәа хҭыск сгәалашәом. Зны-зынла амшқәа аныцәгьоу, аԥсабара уаназымыиааиуа уархәыцуеит, аҽакгьы — аԥсшьаҩцәа ашьхараҿы рыцхыраара еснагь иуадаҩуп, ишәарҭоуп. 

Ажәабжьқәа зегьы
0