Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лев Кәыҵниа АҶА иазкны: аусбарҭа ашьақәгылара аџьабаа рацәа адуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАҶА аминистр Лев Кәыҵниа
АҶА аминистр Лев Кәыҵниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа русбарҭа еиҿкаан Аҧсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаҧшь иқәҵарала 11 шықәса раҧхьа ԥхынгәы 4 рзы. Ари аусбарҭа аусура ашьақәгылашьеи, аспециалистцәа реиҵааӡаразы аминистрра иҟанаҵо аусура атәи Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.
Лев Кәҵниа Аҭагылазаашьақәа ҷыдақәа рминистрра аусура атәы дазааҭгылеит

"Ари аҩыза аминистрра аиҿкаара аҭахуп ҳәа анҳаиҳәа Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь, хьаҵрада Сергеи Џьонуеи сареи напы аҳаркит. Иахьа иҵуеит 11 шықәса Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа русбарҭа аԥҵоижьҭеи. Сара сгәы иаанагоит ицәгьамкәан аусура шьақәгылоуп ҳәа. Ҳәарада, ари аиҿкаара иадуп аџьабаа рацәаны. Ҳзанааҭ убас иҟоуп "иахьа иҟасҵаз азхоит, уаҵәы саатәап" ҳәа иауӡом. Ҳусураҿы уахгьы-ҽынгьы, есымша, уахьыҟазаалак агәҽанызаара умазар ауп", — иҳәеит Лев Кәыҵниа

Инарҭбааны аинтервиу шәахәаԥшыр ҟалоит абра

Ажәабжьқәа зегьы
0