Ақыҭа школқәа реиҵакра азҵаара иалацәажәеит Гагра араион ахадараҟны

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагра араион ахадараҟны ақыҭа школқәа реиҵакра азҵаара иалацәажәеит
Гагра араион ахадараҟны ақыҭа школқәа реиҵакра азҵаара иалацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵаҩцәа маҷны иахьҭоу ашколқәа реиҵакра ахәҭоуп ҳәа азырԥхьаӡоит Гагра араион анапхгара.

ГАГРА, нанҳәа 21 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион ақыҭақәа рҟны иҟоу, аҵаҩцәа маҷны иахьҭоу азеиԥшбжьаратә школқәа рызҵаара иазааҭгылан араион ахадараҿы имҩаԥгаз аилацәажәара аҟны. Аиԥылара иалахәыз иахәаԥшуан ақыҭа школқәа реиҵакра апроект апрограмма.

Иахьазы Гагра араион аҟны аус руеит 22 школ, иааидкыланы уаҟа аҵара рҵоит 4 300-ҩык аҵаҩцәа. Урҭ рахьтә 100-ҩык инареиҳаны аҵаҩцәа ахьҭоу ашколқәа рхыԥхьаӡара 12 ыҟоуп, егьырҭ иаанхаз жәаба рҟны аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара 100-ҩык иреиҵоуп.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Арасаӡыхьтәи ашкол автобус ҳамҭас иаиҭеит

Ақыҭатә азеиԥшбжьаратә цараиурҭақәа реиҵакра апроект иақәшәеит араион абарҭ ашколқәа: Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №3, араҟа аҵара рҵоит 68-ҩык ахәыҷқәа, 54-ҩык аҵаҩцәа зҭоу Лӡаатәи абжьаратә аԥсуа школ, Лӡаатәи ихарҭәаам ашкол, араҟа аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара наӡоит 35-ҩык рҟынӡа, 44-ҩык ахәыҷқәа аҵара ахьырҵо Ԥсахаратәи абжьаратә школ, Маҳадыртәи ихарҭәаам абжьаратә школқәа №№2,3, руак аҟны аҵара рҵоит 36-ҩык, егьы аҟны 37-ҩык ашколхәыҷқәа. Иара убас Лаԥсҭархатәи аҩбатәи ихарҭәаам ашкол, араҟа аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара 41-ҩык ыҟоуп.

Иҳаҩсыз ҩышықәса ирылагӡаны Бзыԥҭатәи ахԥатәи, Лӡаатәи актәи абжьаратә школқәа рахь иныҟәо ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷк иахьацлаз инамаданы, араион аҵара аҟәша аспециалистцәа ражәақәа рыла, арҭ аҩ-школк азеиԥш ҵараиурҭақәа реиҵакра апрограмма асиа ианыхуп.

Аиҵакра апрограмма иақәшәаз ашколқәа хәба рҟны иааидкыланы аҵара рҵоит 193-ҩык аҵаҩцәа. Ашколқәа рныҟәгаразы есышықәса абиуџьет аҟнытә иазоужьхоит 12 миллиони 700 нызқь мааҭи. Ҿырԥштәыс иаагозар 194-ҩык аҵаҩцәа ахьҭоу Маҳадыртәи абжьаратә школ №1, аныҟәгара абиуџьет аҟнытә иазоужьу аԥара артәоит 4 миллионки 200 нызқь мааҭи. Убри инамаданы, араион ахадара иазԥхьагәанаҭоит хыхь зыӡбахә ҳәоу ашколқәа рҟны аиҭакрақәа рымҩаԥгара.

Гагра араион аиҳабы Беслан Барцыц иазгәеиҭеит хадара злоу акәны ишыҟоу аҵаратә процесс аҩаӡара ашьҭхра.

"Аиҵакра апрограмма иақәшәо ашколқәа рҟны иҟоу аҭагылазаашьа ҳара ҳақәшаҳаҭым. 35-40-ҩык аҵаҩцәа ахьыҟоу ашкол наӡаны изыҟалом. Ари ахыԥхьаӡара ааидукылар класск иалҵо ауп иҟало. Арҭ ашколқәа рҟны аҵара зҵо ахәыҷқәа егьырҭ ашколқәа рахь ргара иадҳәалоу ахарџь ҳара ҳхахьы иаҳгоит", — иҳәеит араион Ахада.

Ҳаамҭазтәи ақыҭа школ анырра анаҭоит аекономикатә, аполитикатә, азинтә, адемографиатә, акультуратә, асоциалтә факторқәа.

Арҭ аныррақәа зегьы ашкол аусура аҿагылара арҭоит, дара ирыхҟьаны ашколқәа ирҭоу аҵаҩцәа рхыԥхьаӡарагьы маҷхоит.

"Хҩык ашколхәыҷқәа есыҽны аус рыдулара изакәызаалак ҟазарак ацым, аԥеиԥшгьы аиуӡом", — ҳәа азгәеиҭеит Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар.

Ари аҭагылазаашьаҟны ауаҩы иааӡара залыршахом. Ақыҭа школқәа рҿы аиҭакрақәа рымҩаԥгара ҳтәыла аҵара-ааӡаратә процесс аҟны хра злоу акәны иҟоуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иазгәоумҭарц залшом, арҭ ашколқәа аҵаратә процесс ишахьымӡо. Иҟоуп иара убас маҭәарқәак зынӡа иахьырымҭиуагьы. Арҵаҩцәа ракәзаргьы, ҩба-хԥа маҭәар аҵаҩцәа ирызнаргоит, уи азы ҷыдала адырра шрымамгьы.

Хыхь зыӡбахә ҳәоу зегьы рылкаа ҟаҵо, аизара иалахәыз иахәҭаны ирбеит аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьмаҷу ақыҭа школқәа реиҵакра.

"Ас еиԥш иҟоу ашколқәа аркхоит. Арҵаҩцәа рыҩаӡара ҳаракызар, ииагахоит егьырҭ ашколқәа рахь. Хымԥада, изныкымкәа ацәажәарақәа ҳаҳахьеит иаркхо ашколқәа рхыбрақәа ахатә тәрахьы ииаргар рҭахыуп ҳәа, аха агәра шәсыргоит урҭ ацәажәарақәа ашьаҭа шрымам. Ҳаԥхьаҟа арҭ ашколқәа рҟны иаартхоит ма ахәыҷбаҳчақәа, мамзар аспорттә комплексқәа", — ҳәа иажәа иациҵеит Дбар.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагра араион ахадараҟны ақыҭа школқәа реиҵакра азҵаара иалацәажәеит
Гагра араион ахадараҟны ақыҭа школқәа реиҵакра азҵаара иалацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Гагра араион ахадараҟны ақыҭа школқәа реиҵакра азҵаара иалацәажәеит

Гагра араион аҟны аиҵакра иақәшәо еиҳарак аерман школқәа роуп, убри аҟнытә аерман милаҭ рыбжьара изакәым ацәажәарақәагьы ҟалеит, џьоукы-џьоукы аполитикатә ҟазшьа аҭаны аԥсуаа ҳашколқәа адыркыр рҭахыуп ҳәа агәҭынчымра дырҵысит.

Уи шиашам деилиркаарц аизараҟны дықәгылеит Гагра араионтә Еизара адепутат Галуст Трапизониан.

"Ҳара аԥсуаа иҭабуп ҳәа раҳҳәароуп рылгьыл аҟны азин ахьҳарҭаз ҳмилаҭ школқәа раартра. Шәара ибзианы ижәдыруеит аерман школқәа ахьыҟоу Ермантәылеи Ашьха-Ҟарабахи Аԥсныи рҟны мацара шакәу. Убри инамаданы изакәым ацәажәарақәа ирҿу шәҽаанышәкыл, аполитикахь ииашәымган", — ҳәа аерман милаҭ ирабжьеигеит адепутат.

Гагра араион Ахадара аиҳабы Беслан Барцыц еизаз агәра диргеит рҿаԥхьа иқәгыло азҵаарақәа зегьы еидгыланы ишырӡбо. Аҵара шықәс ҿыц алагаанӡа еилкаахоит аиҵакра иақәшәо ашколқәа рҟнытә ахәыҷқәа ахьиагахо ашколқәа, иара убас иӡбахоит дара мҩанызгало атранспорт азҵаарагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0