Аԥснытәи аделегациа Иорданиатәи ачерқьес школ иаҭааит

© Фото : "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны"Аԥснытәи аделегациа Иорданиатәи ачерқьес школ иаҭааит
Аԥснытәи аделегациа Иорданиатәи ачерқьес школ иаҭааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иорданиа иҟаз Аԥснытәи аделегациа аҭааит Кавказтәи адиаспора аҵаҩцәа аҵара ахьырҵо апринц Хамза ихьӡ зху ачерқьес школ.

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аԥснынтә арҵаҩцәа Иорданиаҟа рышьҭра, ахәыҷқәа Аԥсны аҭоурых реилыркаара, аԥсуа бызшәа дырҵара аԥхьаҟатәи ҳагәҭакқәа иреиуоуп, ҳәа иҳәеит Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа.

Арҭ амшқәа рзы Иорданиа иҟаз Аԥснытәи аделегациа аҭааит Кавказтәи адиаспора аҵаҩцәа аҵара ахьырҵо апринц Хамза ихьӡ зху ачерқьес школ. Акыр шықәса ари ашкол ахәыҷкәа ахьырааӡоз, аҵара ддырҵарц рҽахьазыршәоз ҭыԥын. Ас еиԥш  Иорданиатәи апринц Хамза иан ианылба, илыӡбеит аҭагылазаашьа бзи рзаԥылҵарц аҵаҩцәеи, ааӡаҩцәеи, арҵаҩцәеи. Убри аҟынтә аҳкәажә иаԥшьылгеит ахыбра ҿыц лыргыларц, анаҩс  уи официалла бжьаратә ҵараиурҭаны иҟалеит. Ахыбра  анаадыртуаз амш аҽны, аҳкәажә ҿыц ииз лысаби Хамза длыманы дааит, аҳәарагьы ҟалҵеит апринц хәыҷы ихьӡ ахырҵарц. Убри нахыс апринц Хамза ихьӡ зху,  Кавказаа аҵара ахьырҵо ачерқьесқәа ирышколны иҟалеит.

© Фото : "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны"Аԥснытәи аделегациа Иорданиатәи ачерқьес школ иаҭааит
Аԥснытәи аделегациа Иорданиатәи ачерқьес школ иаҭааит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аделегациа Иорданиатәи ачерқьес школ иаҭааит

Аԥснытәи аделегациа ари ашкол аҟны  ирбаз-ираҳаз даара гәахәала ирыдыркылеит. Насгьы, ахҵәара иақәшәаз ҳауаажәлар рхылҵшьҭрақәа рзы ҷыдала иргылоу ашкол даҽа тәылак аҿы иуԥылаӡом Иорданиа ада. Ашкол аҟны аҵаратә процесс мҩаԥысуеит хҩаӡаракны, иара убас  аус ауеит ахәыҷбаҳча. Аҵаҩцәа аҵара ддырҵоит адыга бызшәала аҟабарда диалект шьаҭас иаҭаны. 

"Иорданиа ҳара ҳазҭааз ашкол аҟны аҵара рҵоит 1000-ҩык инареиҳаны, уажәы ахыбра ҿыц аргылара иаҿуп аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара иахьацло инамаданы. Аԥхьаҟа алшара ҟаҳҵоит Аԥснынтә арҵаҩцәа Иорданиаҟа рышьҭра, ахәыҷқәа Аԥсны аҭоурых реилыркааразы, аԥсуа бызшәа дырҵаразы", — ҳәа азгәеиҭеит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа. 

 Ашкол аиҳабы уи даара ахә ҳаракны илшьеит. Илҳәеит аԥхынтәи аԥсшьара мшқәа рзы ахәыҷқәа реиҭныԥсахларазы ирыдгалоу  апрограмма ҿыц  дшақәшаҳаҭу. 

Аиԥылара ахыркәшамҭазы Сенер Гогәуа ашкол аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи аизҳазыӷьареи, ақәҿиарақәеи рзеиӷьеишьеит. Чыдалатәи ашәҟәаҿы игәаанагарақәа аниҵеит. Ашкол аԥаратә ҳамҭа анеишьеит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0