Аконкурс "Аҿар рыбжьы" мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАестрадатә шәа анагӡаҩцәа XVI рреспубликатә конкурс "Аҿар рыбжьы"
Аестрадатә шәа анагӡаҩцәа XVI рреспубликатә конкурс Аҿар рыбжьы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аестрадатә шәа анагӡаҩцәа XVI рреспубликатә конкурс "Аҿар рыбжьы" мҩаԥысит Аҟәа.

АҞӘА, хәажәкыра 23 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аестрадатә шәа анагӡаҩцәа XVI рреспубликатә конкурс "Аҿар рыбжьы" мҩаԥысит Аҟәа. Аконкурс раԥхьатәи амш хыркәшахеит гала-концерт ала. Абри атәы ҳзеиҭеиҳәеит аконкурс ашьаҭаркҩы Нури Кәарҷиа. 

"Аконкурстә мшы раԥхьатәи азыбжазы иара аиндаҭлара ахаҭа мҩаԥган, ахәылбыҽха ҳара имҩаԥаагеит гала-концерт, ирылаҳҳәеит аиааира згаз рыхьӡқәа. Иреиҵбу агәыԥ аҟны аиааира лгеит — Викториа Ҵулукиа. 7-9 шықәса ирыҵаркуа рыбжьара – Сара Абраман. Иара убасгьы аконкурс иалахәын 15-17 шықәса зхыҵуаз ашәаҳәаҩцәа. Уи агәыԥ рыбжьара аиааира игеит Ромео Чаава (Гал). Адуетқәа рыбжьара актәи аҭыԥ аӡәгьы иаҭәашьамызт. Аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит аиҳәшьцәа Гадлиаа, ахԥатәи – аиҳәшьцәа Ҵышәаа", — иҳәеит Кәарҷиа.

Кәарҷиа иазгәеиҭеит аконкурс "Аҿар рыбжьы" аԥсуа естрада аҿиара ишазырхо.

"Ҳара ҳконкурс аҟазара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҿиара иазырхоуп", — иҳәеит иара.

Аконкурс рхы аладырхәит Аԥсны ахы-аҵыхәа аҟынтәи 50-ҩык рҟынӡа аҿар. Аконкурс аҟны ихымԥаданы иҟан аԥсуа ашәак аҳәара.

"Ҳконкурс иалахәуп аԥсуаа рыдагьы егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәа. Урҭ зегьы гәахәарыла инарыгӡоит аԥсуа ашәақәа", — иҳәеит аконкурс ашьаҭаркҩы.

Аконкурс аҟынтә афотосахьақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра

Аестрадатә ашәа "Аҿар рыбжьы" XVI конкурс аҩбатәи амш мҩаԥысуеит хәажәкыра 23 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0