"Афырҭын" 15-шықәса ахыҵра иазкыз аконцерт мҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Афырҭын" 15-шықәса ахыҵит
Ансамбль Афырҭын 15-шықәса ахыҵит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит ахәыҷтәы хареографиатә ансамбль "Афырҭын" 15-шықәса ахыҵра аныҳәа.

Амра Амҷԥҳа, Sputnik

Ансамбль "Афырҭын" ахьӡ аиашара шьақәырӷәӷәо Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асцена иқәын. Акәашаҩцәа хәыҷқәа инарыгӡоз амилаҭ кәашарақәа иахәаԥшуазгьы ргәы архыҭхыҭуан.

"Иарбанызаалак ансамбль иамоуп ахатәы репертуар, аха ансамбльқәа еиԥшу акәашарақәа ықәдыргылозаргьы, рыкәашашьала еиҩудыраауазароуп", — лҳәеит ахәаԥшыҩцәа руаӡәк.

Ансамбль алахәылацәа шқәыԥшӡоугьы ирымоуп рхатәы ҟазшьа. Акәашацәа рцәамаҭәа акәзар, аԥшӡара ухнахуеит. Аӡӷабцәа инарыгӡоз аварцәа рыкәашара азал напенҟьабжьыла иархыџхыџит. Уи инашьҭарххны ицәырҵыз аҷкәынцәа ргәыԥ еиҳагьы иацырҵеит ирыхәаԥшуаз ргәалаҟазаара.

11-шықәса зхыҵуа Еснаҭ Дбар иан иаҳзеиҭалҳәеит иара игәыла диҿыԥшны акәашара дшалагаз.

Анасамбль Афырҭын асахьаркыратә напхгаҩы Лев Қьецба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Лев Қьецба: Голливуд ақәгыларазы ааԥхьара ҳауит

"Хәышықәса раахыс дкәашоит. Ҳгәыла хәыҷы дахьыкәашоз иаргьы игәаԥхоит", — лҳәоит Нино Дбарԥҳа.

Атәыла Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа даԥхьеит Аԥсны Ахада Идҵа: ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Лев Қьецба акультуратә ԥсҭазаараҿы илагала ду азы аорден "Ахьӡ-аԥша" III аҩаӡара шианашьоу атәы зҳәоз.

Иван Кортуа ихьӡ зху жәлар рҟазара Ацентр адиректор Нури Кәарҷиа иазгәеиҭеит ансамбль есышықәса афестиваль "Аӡыхь" аҽшаланархәуа, еснагь аԥхьахәқәагьы шанашьахо.

Ансамбль аҿы икәашоит 5-12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа. "Афырҭын" ИУНЕСКО асиа ианылахьеит иреиӷьу амилаҭтә кәашара назыгӡо ансамбль ҳәа, ианашьахахьеит еиуеиԥшым аҳамҭақәеи аԥхьахәқәеи.

Авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра

Афотосахьақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра

Ажәабжьқәа зегьы
0