Ансамбль аҿы икәашоит 5-12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа. 15 шықәса рыҩныҵҟала х-коллективк рҽырыԥсаххьеит. Уажәы ахареографиатә ансамбль "Афырҭын" 200-ҩык ахәыҷқәа алоуп, 120-ҩык ҷкәынцәоуп.
Иахьатәи ахәыҷтәы ансамбль "Афырҭын" аԥшьгара абзоуроуп 80-тәи ашықәсқәа рзы иҟаз аиҳабацәа ахьыҟәашоз ансамбль, уи далахәын анапхгаҩгьы Лев Қьецбагьы.
Усҟангьы "Афырҭын" жәларбжьартәи аконкурсқәа рҿы аԥхьахәқәа аиуан, ИУНЕСКО асиагьы ианылахьан иреиӷьу амилаҭтә кәашара назыгӡо ансамбль ҳәа. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан ансамбль еимпит, асолистцәа аӡәырҩы абџьар шьҭыхны рыԥсадгьыл рыхьчон, еизҳауа ахәыҷқәа акәашареи ашәаҳәареи рзы алшара роурц азы.

1/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Гагратәи ансамбль "Афырҭын" аԥҵан 2002 шықәсазы Гагра, асахьаруыратә напхгаҩы Лев Қьецба ибзоурала.

2/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
15 шықәса рыҩныҵаҟа ансамбль "Афырҭын" аҿы рҽырыԥсахит абиԥарақәа хԥа.

3/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Уажәы ансамбль "Афырҭын" иалоуп 200 инареиҳаны ахәыҷқәа, урҭ рҟынтә 120-ҩык ҷкәынцәоуп.

4/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ансамбль алахәылацәа шқәыԥшӡоугьы ирымоуп рхатәы ҟазшьа. Акәашацәа рцәамаҭәа акәзар, аԥшӡара ухнахуеит.

5/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аӡӷабцәа инарыгӡоз аварцәа рыкәашара азал напенҟьабжьыла иархыџхыџит.

6/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Уи инашьҭарххны ицәырҵыз аҷкәынцәа ргәыԥ еиҳагьы иацырҵеит ирыхәаԥшуаз ргәалаҟазаара.

7/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ансамбль "Афырҭын" акәашацәа инарыгӡеит аԥсуа, аварцәа, ижәытәтәиу аԥсуа, егьырҭ ажәларқәа рыкәашарақәа.

8/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аиубилеитә концерт сасцәаны иаҭааз инарыгӡон ашәақәа акәашарақәа рыбжьара, акәашацәа аҽеиҭакреи аԥсеивгахеи рзы аамҭа роурц азы.

9/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ансамбль аҿы икәашоит 5-12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа.

10/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
"Афырҭын" арепертуар аҿы иҟоуп еицырдыруа акәашарақәа, егьырҭ амилаҭтә ансамбльқәагьы инарыгӡоит. Аха Лев Қьецба иқәиргыло акәашарақәа динамикала иаарылукаауеит.

11/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит ахәыҷтәы хареографиатә ансамбль "Афырҭын" 15-шықәса ахыҵра аныҳәа.

12/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Даара иԥшӡаз ахәыҷқәа рышәҵатәқәа ахәаԥшцәа иргәаԥхеит.

13/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Иахьатәи ахәыҷтәы ансамбль "Афырҭын" аԥшьгара абзоуроуп 80-тәи ашықәсқәа рзы иҟаз аиҳабацәа ахьыҟәашоз ансамбль. Усҟангьы "Афырҭын" жәларбжьартәи аконкурсқәа рҿы аԥхьахәқәа аиуан, ИУНЕСКО асиагьы ианылахьан иреиӷьу амилаҭтә кәашара назыгӡо ансамбль ҳәа.