Аԥшәмаԥҳәыс лнапкымҭа зырԥшӡо: асыӡбал ҟаԥшь Сулико Кәарҷелиа-Нанба лҟынтә

© Sputnik / Томас ТхайцукБармышь ақыҭан инхо Сулико Кәарҷелиа- Нанба асыӡбал ҟалҵоит
Бармышь ақыҭан инхо Сулико Кәарҷелиа- Нанба асыӡбал ҟалҵоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асыӡбал ачаԥаразы иреиӷьу аԥҳәаса шалхтәу, иара убас ажәытәан аҳәса дуқәа асыӡбал шыҟарҵоз атәи Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан инхо Сулико Кәарҷелиа- Нанба.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

"… Усҟан акәҷышь ҟаԥшьӡа иӡны, асыӡбал цаҳәцаҳәо, абысҭа тыруа, аҩы ацԥхьқәа каԥа-чаԥо, – ижьцәа лбааидеит Алықьса Хәаҭ-иԥа, – рхәы ианахадыртәалак, еснагь убас қьафураз, џьыршьон… ", — асыӡбал аԥсуаа рџьеиџьыка ишахәҭакәу аршаҳаҭуа, абас иҩуан Никәала Ҳашыг ироман "Абду Ажьгери" аҟны.

Амыҵмыџь, акаҵахәыр, аԥҳәаса уҳәа ирацәоуп аԥсуаа реишәахиараҿы рхы иадырхәо асыӡбалқәа. Акадифа ҟаԥшь еиԥш убла хнакуа иҟоу асыӡбал цаҳәцаҳәо уажәааны зегьы ихырҩоит.

Приготовление мандаринового варенья с Эсмой Арджения - Sputnik Аҧсны
Ацха иаҩызоуп: амандаринатә ашәыреиларш Есма лҟынтәи

Бармышь ақыҭан инхо Сулико Кәарҷелиа-Нанба аԥҳәаса ҟаԥшь ала илчаԥоит асыӡбал. Иара еиҳарак аҵәыҵәыра ҳәа иашьҭоуп. Лара лажәақәа рыла, асыӡбал ахҩаразы уажәааны иреиӷьу аамҭоуп, аԥҳәаса ашәымҭа иҭагылоуп, аӡларагьы аҵәыҵәырагьы иахәҭоу аиухьеит.

"Асыӡбал ианаамҭоу ҳәа иԥхьаӡоуп, аԥҳәаса бзианы иҟаланы ианыҟоу. Ианааҟалаҵәҟалак ихыуҩаргьы ҟалоит, ишыкәымпылу, ашәыр ӡқәа шхырҩо еиԥш аӡыршы наҵаҭәаны, аха сара сазԥшуеит аԥҳәаса, ахаара анаиулак иҟасҵарц азы", — лҳәоит Сулико Кәарҷелиа-Нанба.

Аԥшәмаԥҳәыс илчаԥо асыӡбал аԥсуа мца иахаргыланы ауп ишыҟалҵо, агьама еиҳа ихаахоит ҳәа иԥхьаӡаны.

"Аԥҳәаса ҿыхны иаазгоит, уи аҟны сҭаацәа сыцхраауеит. Ибзианы исыӡәӡәоит, уи аԥхьа еилысҟәшәаауеит. Аԥсуа мца иахаргыланы иҟасҵоит, ажәытәан ҳанацәа ишыҟарҵоз еиԥш. Уажәы еиуеиԥшым ахархәагақәа рыла ирласны иҟауҵар ҟалоит, аха аԥсуа мцаҟны афатә еиҳа ихаахоит, агьам аҽакхоит", — лҳәоит лара.

Сулико Кәарҷелиа –Нанба еиҭалҳәоит Бармышь ақыҭан еиҳарак анхаҩцәа ирымоу аԥҳәаса ҟаԥшь аҵлақәа роуп ҳәа. Даҽа қыҭак ахь ицаны иҟәшәаны иааргом. Иҳамоу ҳҳы анҳарнаалоит, лҳәоит длафуа.

Афотосахьақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра

Авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>

"Ҳара асыӡбал злаҳхуа аԥҳәаса ҟаԥшьуп, еиҳа алҵшәа аиуеит, ихаауп ҳәа иԥхьаӡаны, — еиҭалҳәоит Сулико. Нас асыӡбал ҟаԥшь даараӡа аҽарԥшӡоит аишәа рхиараҿы. Санхәа ус лҳәалон асыӡбал ҟаԥшь – акадифа (бархат- ред.) ҟаԥшь еиԥш икәеицеиуеит, аԥшәма лнапкымҭагьы арԥшӡоит ҳәа".

Марина Гәниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Марина Гәниаԥҳа: ачаҳаржә аҟаҵара абысҭа аура иаҩызоуп

Асыӡбал ихааӡа, ижәпаӡа иҟаларц азы ибзианы аӡы аҵыршатәуп, ирштәуп.

"Аԥҳәаса ӡәӡәаны ачуан иҭасыԥсоит, аԥсуа мца инахаргыланы аӡы аҵасҭәоит, амала аԥҳәаса хнаҩо иҟасҵаӡом. Ус амца бзианы инаҵаҵаны ажәра салагоит. 20 минуҭ рҟынӡа ауп иаҭаху ажәра. Аԥҳәаса зеиԥшроу еиԥш ауп, уажәтәи сыԥҳәаса ҟалацәоуп. Уи азы 15 минуҭ изжәуеит. Нас знык ҩынтә аӡы аҵасыршуеит, аҵәҵәыра ахыҵуеит, избанзар аԥҳәаса иара атәы аҵәҵәыра амоуп", — еиҭалҳәоит асыӡбал аҟаҵашьа акәамаҵамарақәа Сулико.

Аԥҳәаса аныржәлак ашьҭахь, аӡы аҵыршаны, идраӡоит, анаҩсан ижәпахаанӡа идыршуеит.

"Ираӡаны ачуан инҭаҳҭәалак асыӡбал ҵаӷоуп, аха ибзианы еилауршыр ижәпаӡа иҟалоит. Асыӡбал хааны иҟаларц азы ибзиаӡаны ирштәуп. Анкьа, асыӡбал анҳаршуаз иалаҳжәуан аԥсуа кама, акәлындыр, араҳана, аҵыбра, уҳәа ахаа-мыхаақәа рацәаны. Уажәгьы ус иҟасҵоит", — лҳәоит лара.

Асыӡбал ашра иахьынӡаҿу, Сулико иара зҭалҭәаша абанкақәеи ахҩақәеи аӡыршы рыхьларшоит.

"Асыӡбал ижәпаӡа ианыҟалалакь, ишшу абанкақәа ирҭасҭәоит, иаразнак ихызҩоит. Ишаахьшәашәахалак еиԥш сыхҩарақәа ахьыҟоу инаганы инықәсыргылоит. Џьоукы-џьоукы рхы ларханы иқәдыргылоит, мамазаргьы ахҩаҟны аџьыкхыша ықәырԥсоит. Сара ус иҟасҵаӡом избанзар, ибзианы иуыршыз акгьы ахьӡом", — ҳәа азылыԥхьаӡоит лара.

Ажәытәан аҳәса зегьы аџьыка аҳаҟьа иқәырххон - Sputnik Аҧсны
Ажәытәан аҳәса зегьы аџьыка аҳаҟьа иқәырхыхуан

Акыҭақәа рыҟны асыӡбал чаԥаны ихызҩо рацәаҩуп ишыкәымпылу ихызҩогьы, иаахартны иуфартә еиԥш еиқәыршәаны иҟазҵогьы.

"Анкьа ҳандуцәа асыӡбал аныҟарҵоз ибзиаӡаны ижәны аԥаҭлыкақәа иҭартәон, иԥхасҭамхарц азы аџьыкҵәаҵәа ахқәа ирыхьшьны, ажь бӷьала ахқәа ҿаҳәаны иҟарҵон, нас адгьыл ижны иҵарҵон, ихьшәашәаран аҟнытә. Еиҳа анҵыра амоуп рҳәон рхаҭа. Иахьа еиҳа ишымариоу ахь ҳшыиасуагьы, асыӡбал чаԥараҿы сақәшаҳаҭӡам аҿыцрақәа алагалара, ажәытәан ишыҟаҳҵоз зегь реиҳа ихаахоит", — ус шакәу агәра лгоит Сулико Кәарҷелиа-Нанба.

Сулико Кәарҷелиа-Нанба илҳәоит лара лҭаацәараҿы бзиа ишырбо ахаа-мыхаақәа аҭаны асыӡбал аныҟалҵо. Аԥшәмаԥҳәыс дазааҭгылоит, аҭаацәара ду аҟны шықәсык иуызхаша асыӡбал ахҩаразы аамҭеи, амчи акыр аҭахуп ҳәа.

"Шықәсык иузхаратәы, насгьы ақалақь аҿы инхо уыуа-уҭынха литрк-ҩ-литрк асыӡбал рыуҭарц азы 60-70 литр еиҵымкәа иучаԥароуп. Сара уажәааны иҟасҵо еиуеиԥшым ахҩарақәа асыӡбал раԥхьа игылоуп. Сҭаацәа иахәаны иржәоит асыӡбал, ирфо зегьы иадыркылоит", — лҳәоит лара.

Акәац рҩа, акәты чаԥа, аԥсыӡ ӡны — абарҭ ачысхкқәа гьамала асыӡбал еиҳа ианаалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0