Бармышь ақыҭан инхо Сулико Кәарҷелиа-Нанба абҳәаса ҟаԥшь ала илчаԥоит асыӡбал. Иара еиҳарак аҵәыҵәыра ҳәа иашьҭоуп. Лара лажәақәа рыла, асыӡбал ахҩаразы уажәааны иреиӷьу аамҭоуп, абҳәаса ашәымҭа иҭагылоуп, аӡларагьы аҵәыҵәырагьы иахәҭоу аиухьеит.
"Асыӡбал ианаамҭоу ҳәа иԥхьаӡоуп, ибзианы иҟаланы ианыҟоу. Ианааҟалаҵәҟалак ихыуҩаргьы ҟалоит, ишыкәымпылу, ашәыр ӡқәа шхырҩо еиԥш аӡыршы наҵаҭәаны, аха сара сазԥшуеит аԥҳәаса, ахаара анаиулак иҟасҵарц азы", — лҳәоит Сулико Кәарҷелиа-Нанба.
Аԥшәмаԥҳәыс илчаԥо асыӡбал аԥсуа мца иахаргыланы ауп ишыҟалҵо, агьама еиҳа ихаахоит ҳәа иԥхьаӡаyа.

1/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Бармышь ақыҭан еиҳарак анхаҩцәа ирымоу аԥҳәаса ҟаԥшь аҵлақәа роуп

2/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Асыӡбал ахҩаразы уажәааны иреиӷьу аамҭоуп, аԥҳәаса ашәымҭа иҭагылоуп, аӡларагьы аҵәыҵәырагьы иахәҭоу аиухьеит

3/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
"Аԥҳәаса анааҟалаҵәҟалак ихыуҩаргьы ҟалоит, ишыкәымпылу, ашәыр ӡқәа шхырҩо еиԥш аӡыршы наҵаҭәаны, аха сара сазԥшуеит аԥҳәаса, ахаара анаиулак иҟасҵарц", - лҳәоит Сулико Кәарҷелиа-Нанба

4/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥҳәаса ажәра иаздырхиот, уи аԥхьа еилыҟәшәаны ирыӡәӡәоит

5/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Асыӡбал ихааӡа, ижәпаӡа иҟаларц азы ибзианы аӡы аҵыршатәуп, ирштәуп.

6/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥшәмаԥҳәыс илчаԥо асыӡбал аԥсуа мца иахаргыланы ауп ишыҟалҵо, агьама еиҳа ихаахоит ҳәа иԥхьаӡаны.

7/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Асыӡбал злырхуа аԥҳәаса 20 минуҭ рҟынӡа иржәуеит

8/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥҳәаса аныржәлак ашьҭахь, аӡы аҵыршаны, идраӡоит, анаҩсан ижәпахаанӡа идыршуеит.

9/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
"Асыӡбал хааны иҟаларц азы ибзиаӡаны аршра аҭахуп", - лҳәоит Сулико Кәарҷелиа-Нанба

10/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Асыӡбал ижәпаӡа ианыҟалалакь, ишшу абанкақәа ирҭарҭәоит, иаразнак ихырҩоит. Џьоукы-џьоукы рхы ларханы иқәдыргылоит, мамазаргьы ахҩаҟны аџьыкхыш ықәырԥсоит.

11/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Акыҭақәа рыҟны асыӡбал ишыкәымпылу ихызҩогьы рацәаҩуп, иаахартны иуфартә еиԥш еиқәыршәаны иҟазҵогьы.

12/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Амыҵмыџь, акаҵахәыр, аԥҳәаса ирылху уҳәа ирацәоуп аԥсуаа реишәахиараҿы рхы иадырхо асыӡбалқәа.

13/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Акәац рҩа, акәты чаԥа, аԥсыӡ ӡны - абарҭ ачысхкқәа гьамала асыӡбал еиҳа ианаалоит.