Џьапуа: Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 20 шықәса ахыҵра азгәаҳҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАкадемия наук Абхазии.
Академия наук Абхазии. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа Sputnik Аԥсны арадио аҟны еиҭеиҳәеит ААР ҩажәашықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгахо аусмҩаԥгатәқәа.

АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 20 шықәса ахыҵра иазку аныҳәа мҩаԥгахоит жьҭаара 30 рзы, иҳәеит ААР апрезидент Зураб Џьапуа.

Зураб Џьапуа Sputnik Аԥсны арадио еиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра >>

Аԥсны Аҭҵаарадырра академиа 20 шықәса ахыҵра аныҳәа азгәаҭара иазкны Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба акомиссиа аԥиҵеит, уи аилатәара ааигәа имҩаԥысит.

"Аҵарауаа иаҳҭахуп, агәыӷрагьы ҳамоуп аҩаӡара бзианы, иҳаракны ҳаԥылап ҳәа. Ҵабыргуп, ари шықәс дуӡам, аха иагьмаҷуп уҳәар ҟалаӡом, избан акәзар, академиа аҿиараҿы шьаҿақәак ҟанаҵахьеит", — иҳәеит уи.

Зураб Џьапуа иажәақәа рыла, академиа 20 шықәса ахыҵра аҵакы аманы имҩаԥгахоит.

"Жьҭаарамза 30 ҳҳәынҭқарраҿы анаука иамшны иԥхьаӡоуп ", — азгәеиҭеит ААР апрезидент.

Аԥсны Ахада иаԥиҵаз акомиссиа аилацәажәараҿы иазгәаҭан иҟаҵатәу ашьаҿақәа. Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 20 шықәса ахыҵра аныҳәа инамаданы, иазгәаҭоу ауснагӡатәқәа ируакуп ААР аҭоурых иазку абуклет. 

"Уи анаҩс ҳакадемикцәеи, ҳакадемиа алахәылацәа рыҭҵаарадырратә усурақәа рсиа аҭыжьра иазырхианы иҳамоуп. Убригьы ҳиубилеи иазкны уи иахьыгӡаны иҭҳажьуеит. Насгьы ҳакадемиа адырраҭарақәа "Вестник Академии наук", убригьы абыжьбатәи аҭыжьымҭа ахьӡ ала иҭҳажьуеит", — иҳәеит Џьапуа.

Зураб Џьапуа иажәақәа рыла, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 20 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара азы аҽазыҟаҵарақәа ацара иаҿуп. 


Ажәабжьқәа зегьы
0