Аҟәатәи ашьапылампыласыҩцәа хәыҷқәа аразны ҳзааргеит

© Фото : личный архив Детская команда футбольного клуба "Динамо" на детском турнире "Hopes Cup" (Лига надежды) в Сочи
Детская команда футбольного клуба Динамо на детском турнире Hopes Cup (Лига надежды) в Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы командақәа рыбжьара Андреи Канчельскис ихьӡ зху ашьапылампыл азы атурнир мҩаԥысит жьҭаара 27 абҵара 1 рзы, Шәача.

АҞӘА, абҵара 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи ахәыҷы-қәыԥштә спорттә школ №1 ашьапылампыласыҩцәа хәыҷқәа аразны ҳзааргеит атурнир аҟынтә ҳәа ҳзеиҭалҳәеит Аҟәатәи ахәыҷы-қәыԥштә спорттә школ №1 адиректор Татиана Емхааԥҳа.

"Атурнир ахь ҳара иҳашьҭит 2008 шықәса рзы ииз аспортсменцәа хәыҷқәа. Атурнир иалахәын Москва, Балашиха, Шәача ркомандақәа" ҳәа лҳәоит лара.

Ҳаспортсменцәа ишрылшоз ала ибзианы рхы аадырԥшит, алҵшәа бзиагьы ҳдырбеит лҳәеит лара.

© Фото : личный архивДетская команда футбольного клуба "Динамо" на детском турнире "Hopes Cup" (Лига надежды) в Сочи
Детская команда футбольного клуба Динамо на детском турнире Hopes Cup (Лига надежды) в Сочи  - Sputnik Аҧсны
Детская команда футбольного клуба "Динамо" на детском турнире "Hopes Cup" (Лига надежды) в Сочи

Аԥсуа шьапылампыласыҩцәа зцыхәмаруаз акомандақәа акыр иӷәӷәан, аха дара ахаарԥшра рылшеит ҳәа азгәалҭеит Емхааԥҳа.

"Акоманда узықәгәыӷша командоуп. Ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп адгылара ӷәӷәа ҟазҵаз аҭаацәа. Урҭ реиҳараҩык рхәыҷқәа ирыцны атурнир ахь ицеит", — лҳәеит аспорттә школ адиректор.

Аԥсуа команда алахәыла Никита Мишьелиа атурнир аҿы иреиӷьыз ажәылаҩ ҳәа далкаан.

Ажәабжьқәа зегьы
0