Аԥсны иҟоу арратә база аррамаҵзурауаа ахысратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

© © РИА Новости. Сергей ПятаковРоссийская военная база в городе Гудаута Республики Абхазия
Российская военная база в городе Гудаута Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә база артиллериатә ҟәша аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵаратә хысрақәа мҩаԥыргеит аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны. Абри атәы ааицҳаит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ Апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафьев.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә база артиллериатә ҟәша аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵаратә хысрақәа мҩаԥыргеит аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны. Абри атәы ааицҳаит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ Апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафьев.

"Зынӡа, аԥхынратә зыҟаҵарақәа зегь ааизакны рымҩаԥгара рхы рыладырхәит артиллериатә база 1000-ҩык аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 200 рҟынӡа арратә техника" — иҳәеит апресс-маҵзура анапхгаҩы.

Военнослужащие российской военной базы в Гудауте рядом с бронетранспортером БТР-82АМ во время тренировки по противодействию терроризму - Sputnik Аҧсны
Аррамаҵзурауаа аибашьыга машьына ҿыцқәа роуит

Ахархәара рыҭан артиллериатә шьақәгылақәа "Акация", ареактивтә системақәа "Град". 120-мм иҟоу аминометқәа "Сани".

Ахысрақәа мҩаԥысуан 1000 метра ахьыбжьаз аҟынтәи. Аррамаҵзурауаа инырхит 80 000 цыра ахи-ахәшәи. 50% рҟынӡа ахысратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган уахынланы, арратә техника иақәгылоу уахынлатәи абаратә мыругақәа рхархәарала.

Ауснагӡатәқәа рыҽрыладырхәит 1000-ҩык аррамаҵзурауаа, урҭ рҟынтәи 40% рҟынӡа ҿыц аррахь инарыԥхьаз роуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0