АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә база артиллериатә ҟәша аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵаратә хысрақәа мҩаԥыргеит аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны. Абри атәы ааицҳаит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ Апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафьев.
"Зынӡа, аԥхынратә зыҟаҵарақәа зегь ааизакны рымҩаԥгара рхы рыладырхәит артиллериатә база 1000-ҩык аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 200 рҟынӡа арратә техника" — иҳәеит апресс-маҵзура анапхгаҩы.
Ахархәара рыҭан артиллериатә шьақәгылақәа "Акация", ареактивтә системақәа "Град". 120-мм иҟоу аминометқәа "Сани".
Ахысрақәа мҩаԥысуан 1000 метра ахьыбжьаз аҟынтәи. Аррамаҵзурауаа инырхит 80 000 цыра ахи-ахәшәи. 50% рҟынӡа ахысратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган уахынланы, арратә техника иақәгылоу уахынлатәи абаратә мыругақәа рхархәарала.
Ауснагӡатәқәа рыҽрыладырхәит 1000-ҩык аррамаҵзурауаа, урҭ рҟынтәи 40% рҟынӡа ҿыц аррахь инарыԥхьаз роуп.