2017 шықәсазы, сгәы иҭаскыз насыгӡеит

© Sputnik / из личного архива Саиды ЖибаСаида Жиба
Саида Жиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны исыднаҵаз адҵақәа иреиуахеит, "2017-тәи сышықәс" сусура ишаныԥшыз ахцәажәара. Арбаӷь ашықәс азы ииз сзы, 2017 сара иахьсышықәсыз акәзар ҟалап ҳәа сгәа иаанарго, исҳәарц сылшоит, зегь рыла даара иманшәалан ҳәа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Схатәы еихьӡарақәа

12 мзы ирылагӡаны, шықәсы рацәала иӡбамыз ақьаад усқәа рҭыԥ иқәысҵеит. Сыԥсҭазаараҟны иԥшьоу хҭыс духеит, ҩыџьа аҭыԥҳацәа хәыҷқәа Маргарита Виноградовеи, Адиле Цкуаԥҳаи ранаӡӡеи ахьсакәхаз.

Ҳаиасып ажурналистикахь

Арҿиара аус азгәаҭо, уи алҵшәа аҭоурых иазынхаратәы аџьабаа збеит. Ишыжәдыруа еиԥш, сынтәа жьҭаара 6 рзы иҵит 25 шықәса Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахы иақәиҭтәуижьҭеи. Ари арыцхә инамаданы, сҿаԥхьа иқәгылан, Гагратәи ажәыларатә аоперациа иалахәыз, аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рыҿцәажәара. Сара Гагратәи ателехәаԥшреи, араионтә газеҭ "Гагрский Вестники", Sputnik Аԥсни рҟны аус зуоит аҟнытә, исыдыҵ адҵақәа рацәахеит.

Иван Балин имаругақәа - Sputnik Аҧсны
Гаграа ирҳәоит: абраҟа дынхон абџьарҟаҵаҩы - Иван Балин

Ателехәаԥшратә версиа аҭыхра ҳалагеит ааԥынра инаркны. Шықәсыбжак иалагӡаны, 70-ҩык инарзынаԥшуа, Аԥсны ахыи аҵыхәи рҟнытә, Гагратәи ажәылара иалахәыз аибашьцәа срыҿцәажәеит, ҳҭыхратә гәыԥ ҳрыцны ҳарнысуан реибашьратә мҩақәа, Бзыԥҭатәи ахырӷәӷәарҭа инаркны Ԥсоунӡа, шьхала, мшынла.

Ари апроект анхсырқәша ашьҭахь, Sputnik Аԥсны, снапы ианнаҵеит, жәаҩык Гагратәи аоперациа иалахәыз аибашьцәа ирызкны аочеркқәа рыҩра.

Уаанӡа, ателехәаԥшразы исырхиахьаз аиҿцәажәарақәа алԥшааны акьыԥхь ахь ииазгьаргьы, аӡәгьы гәыбӷан сиимҭаргьы ҟаларын, аха сара исҭаххеит иҿыцу ахаҿқәа рыԥшаара.

Сҩызцәа зегьы рнапы ианысҵеит, Гагратәи ажәылара иалахәыз рахьтә, зыӡбахә иахьанӡа ирымҳәац аӡәыр рдыруазар, исзаарыҵҳарц. Убас иҟасҵаз аҳәара ақәҿырҭит Мгәӡырхәантәи.

"Ҳқыҭаҟны дынхоит, Гагра араион ахақәиҭтәраан, ахырӷәӷәарҭатә цәаҳәа ашьақәыргылараан, арҭҟәацга иахаԥжәаз, уи иахырҟьаны илашәхаз Баҭал Чкотуа. Иҟалозар, иара изкны цәаҳәақәак акьыԥхь ианышәҵа" — ҳәа аҭел дысзасит Мгәыӡырхәа ақыҭа ахадараҟнытә Марина Ҳагәышьԥҳа.

Адырҩаҽны Баҭал Гаграҟа дрыманы иааит. Сара изныкымкәа зымаха, зышьаха еибгам аибашьра аинвалидцәа срыҿцәажәахьеит, аха уажәазы сгәы аҭыԥ иҭамызт.

24 шықәса шихыҵуаз илашәхаз, 25 шықәса раахыс адунеи иқәымԥшыцыз ауаҩы аиацәажәара даара исцәыуадаҩхеит. Зынӡа сычмазаҩхеит, иҭаацәаратә ҭоурых анеилыскаа. Чкәотуаа ԥшьҩык аишьцәа ахьыҟаз аӡәгьы аҭаацәара даламлеит. Ҩыџьа ишқәыԥшӡаз машәырла иҭахеит. Аиҳабаӡа, Баҭал дахьынӡеибоз иреиӷьыз ишықәсқәа ниаӡӡа ицеит.

ветеран ОВНА Батал Чкотуа - Sputnik Аҧсны
Баҭал Чкәотуа: ҳабжамҽамзаргьы, ҳаԥсадгьыл аҟны ҳанхоит

Рыцҳарас исԥхьаӡо, аамҭала абиԥара ҿыц ахьеиҵагылаз, ԥшьҩык аишьцәа иахьрызҳауаз аҩнаҭаҟны, уаҵәы ахәшҭаарамца ыцәоит. Акраамҭа, "избан, убас изхаҟалеи" — ҳәа хәыцырҭас исымаз.

Анаҩс, ицәырҵит, зхатә ҭоурыхқәа змоу егьырҭ аибашьцәа рхаҿқәа. Абас мацара, даҽа жәаҩык аветеранцәа рхьаақәа рыцеиҩшо, аиҿцәажәарақәа мҩаԥызгеит.

Мызкы аԥхьа, сасра сырҭан ҳџьынџьуаа иреиуоу, Ҭырқәтәыла, Сақариа араион, Адаԥазар ақалақь инхо Сергьегьиаа рҭаацәара. Иҳаҩсуа ашықәс алкаақәа ҟаҵо, иазгәасҭоит, уи даара илахҿыхызи, илахьеиқәҵази ныҟәаран ҳәа. Илахҿыхын, избанзар, срабадырит жәла-жәлала аԥсуаа рхаҭарнакцәа. Ҳаицны ҳарҭаауан Сҭамԥыл аҭыԥ ԥшӡарақәа, амузеиқәа уҳәа.

Илахьеиқәҵахаз акәхеит, аԥсуаа рыԥсадгьыл ианахырцоз, Ҭырқәтәыла иахьӡхыргоз, Қьефқьен захьӡу аҭыԥ аҭаара, зықьҩыла, амлеи, ахьҭеи, ачымазара бааԥси иахырҟьани зыԥсҭазаара иалҵуаз ҳашьцәа анышә иахьамардоз аԥсыжырҭақәа рахь анеира. Излеилкаахаз ала, араҟа ижыз еиҳараӡак ахәыҷқәа ракәын. Избан сыздыруам, аха уи аҭыԥ нҳажьаанӡа, ҳаҭгәынк уажәы-уажәы снапы ахьысшьуан, адҵра сцәыуадаҩын.

Абарҭ аҭыԥқәа рҟны, атәым жәҩан аҵаҟа еиҳагьы агәрагара сызҵәырҵит сыԥсадгьыли сыуаажәлари рахь исымоу абзиарабара ҵҩа шамам. Ҭырқәтәылатәи сыԥсшьарамшқәа ирылагӡаны еидыскылеит имаҷымкәа аматериалқәагьы, урҭ рахьтә хԥа Sputnik Аԥсны асаит азы ирхиан.

Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа: ҳахьыҟазаалакгьы, аԥсуара ҳарӡӡом

Ҳхынҳәып Гаграҟа

Гагра араион беиоуп, зыӡбахә ҳәатәу ауаа рыла. Урҭ рхыԥҳьаӡараҿы иҟоуп ауаажәларратә усзуҩцәа, ажурналистцәа, апоетцәа, арҵаҩцәа, акультура аусзуҩцәа, анапҟазацәа, асахьаҭыхыҩцәа уҳәа ирацәаҩӡаны. Иҳаҩсыз ашықәс иалагӡаны, Sputnik Аԥсны асаит аҟны, аибашьра аветеранцәа рҭоурыхқәа рнаҩс, икьыԥхьын Лӡаа аныхаԥааҩ Владимир Гәачуа, Аԥсны раԥхьатәи иԥшәымадоу аԥстәқәа реиқәырхаразы афонд "Багира" аиҳабы Саида Оҭырԥҳаи, акьанџьаӡахҩы Илона Ҷанԥҳаи, аамҭала Гагра еицырдыруаз абџьар ҟаҵаҩы Иван Балини, арепрессиатә шықәсқәа знырыз Задеиаа рҭаацәареи, аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран Александр Гагәылиеи, Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Валентина Гыцԥҳаи, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра схызгаз, 16 шықәса зхыҵуаз Ҭимыр Ажьибеи, Лӡаатәи Жәлар ринструменталтә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Даур Ԥарулуеи уҳәа ирызкыу анҵамҭақәеи, ахҭыстә жәабжьқәа жәпаки.

Иара убас, сынтәа раԥхьаӡакәны схы аласырхәит, Аԥсны Ажурналистцәа Реидгыла имҩаԥнаго, арепатриациа атемала ареспубликатә арҿиаратә конкурсгьы, уи алҵшәақәа еилкаахоит ҳазҭало ашықәс жәабранмзазы.

2017 шықәсазы, арадио Sputnik Аԥсны иснаҭеит алшара, ахҭысқәа рыгәҭа сшыҟаз, ҩынтә ишиашоу ицо аефир ахь ацәырҵра. Абас ауп, сгәалашәараҿы ишынхо иҳаҩсуа, ахәшьара бзиа зызҭо ашықәс. Иааиуа 2018-тәи ашықәс, Мрагыларатәи амзар инақәыршәаны зымшьҭ бзиоу, ауаҩы изааигәоу ала иасимволуп.

Аҭагылазаашьа схы иархәаны, аԥсуа жәлар гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит ҳазҭало Ашықәс ҿыц. Доусы ҩнаҭацԥхьаӡа агәырӷьареи, аизҳареи, амали шәзаанагааит. Sputnik Аԥсны аколлектив, ақәҿиарақәеи аманшәалареи шәыцзааит имариам шәус аҟны. Шәаргьы саргьы ажәабжь шьахәқәа рыла ҳаимадазааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0