Ицаҳәцаҳәо аԥсуа "ахәша"

Анапаҵаҩра
Ажәытәан аҳаҟьаҿы аҳәса аџьыка зырхуаз еиԥш, ҳазҭагылоу аамҭазы иҟазҵо рхыԥхьаӡара маҷуп. Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан инхо Алла Сабуаԥҳа-Чычԥҳа лассы-лассы акәымзаргьы, зны-зынла аџьыка аҳаҟьа иқәылххоит.

Ҳазҭагылоу аамҭазы аҳаҟьаҿы аџьыка зхыхуа аҳәса рхыԥхьаӡара маҷуп. Аҳаҟьа иаԥсахит аџьыкахра аус зырмарио, аха ахаҭабзиареи агьамеи лазырҟәуа амаҭәахәқәа. Аҷандара ақыҭан инхо Алла Сабуаԥҳа-Чычԥҳа акыр шықәса ҵуеит апырпыл рацәаны еиҭалҳауеижьҭеи, аџьыка кьыла рацәала иҟалҵоижьҭеи.

"Аҳаҟьа иқәысҵоит апырпыл, араҳана, аџыш, ахәысхәа уҳәа ауҭраҭыхжәлақәа. Раԥхьа апырпыл бзианы иҟәаҟәатәуп, иара аҟәаҟәара иаҭахуп амч. Нас иаҭаху ахаа-мыхаақәеи аџьыкхыши асҭоит. Аџьыкхыш ибзианы иаҭатәуп, избанзар ахаҳәи ахаҳәи рыбжьара иара ауп изхыхуа апырпыл. Шаҟа ииашаны еибыуҭо аҟара ирласны унапаҿы иааиуеит. Блала ауп ишеибысҭо сара. Аџьыкхыш маҷны иамазар ауп, ианакәзаалак, избанзар аԥсуа џьыкҵәаҵәа аџьыкхыш маҷны иамазар ауп, агьама агоит ҳәа иԥхьаӡоуп азы", — ҳәа амаӡақәа еиҭаҳәо иаҳлырбон аҳаҟьаҟны аџьыка аххышьа Алла Сабуаԥҳа-Чычԥҳа.

Аҳаҟьа аџьыка ықәуххырц уманшәалахарц азы акәамаҵамарақәа дыртәуп. Раԥхьаӡа иргыланы махәҿыла уӷәӷәазар ауп, ахаа- мыхаа, аӡы, аџьыкхыш ишахәҭоу еибыҭазар ауп. Литрак аџьыка ухыхырц азы аҳаҟьа сааҭк еиҳаны уқәзар ауп.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҷандара ақыҭан инхо Алла Сабуаԥҳа-Чычԥҳа акыр шықәса ҵуеит апырпыл рацәаны еиҭалҳауеижьҭеи, аџьыка кьыла рацәала иҟалҵоижьҭеи.
Аҷандара ақыҭа аџьыка аҟаҵара - Sputnik Аҧсны
1/11
Аҷандара ақыҭан инхо Алла Сабуаԥҳа-Чычԥҳа акыр шықәса ҵуеит апырпыл рацәаны еиҭалҳауеижьҭеи, аџьыка кьыла рацәала иҟалҵоижьҭеи.
© Sputnik / Томас ТхайцукАџьыка иарҭоит аџыш. Иԥхьаӡоуп аԥсуа џыш апырпыл џьыка зегь реиҳа иархаауеит ҳәа.
Аҷандара ақыҭа аџьыка аҟаҵара - Sputnik Аҧсны
2/11
Аџьыка иарҭоит аџыш. Иԥхьаӡоуп аԥсуа џыш апырпыл џьыка зегь реиҳа иархаауеит ҳәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАлла Сабуаԥҳа-Чычԥҳа шықәсык ҩышә-хышә цыра апырпыл арыԥхрақәа ҟалҵоит. Алҩа аҵыршуа илырҩоит.
Аҷандара ақыҭа аџьыка аҟаҵара - Sputnik Аҧсны
3/11
Алла Сабуаԥҳа-Чычԥҳа шықәсык ҩышә-хышә цыра апырпыл арыԥхрақәа ҟалҵоит. Алҩа аҵыршуа илырҩоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАџьыка иарҭоит апырпыл, араҳана, аџыш, ахәысхәа уҳәа егьырҭ ауҭраҭыхжәлақәа
Аҷандара ақыҭа аџьыка аҟаҵара - Sputnik Аҧсны
4/11
Аџьыка иарҭоит апырпыл, араҳана, аџыш, ахәысхәа уҳәа егьырҭ ауҭраҭыхжәлақәа
© Sputnik / Томас ТхайцукАҳаҟьа аџьыка ықәуххырц, уманшәалахарц азы акәамаҵамарақәа дыртәуп.
Аҷандара ақыҭа аџьыка аҟаҵара - Sputnik Аҧсны
5/11
Аҳаҟьа аџьыка ықәуххырц, уманшәалахарц азы акәамаҵамарақәа дыртәуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукРаԥхьаӡа иргыланы махәҿыла уӷәӷәазар ауп аџьыка аҳаҟаҿы иқәыуххырц азы, ахаа- мыхаа, аӡы, аџьыкхыш ишахәҭоу еибыҭазар ауп.
Аҷандара ақыҭа аџьыка аҟаҵара - Sputnik Аҧсны
6/11
Раԥхьаӡа иргыланы махәҿыла уӷәӷәазар ауп аџьыка аҳаҟаҿы иқәыуххырц азы, ахаа- мыхаа, аӡы, аџьыкхыш ишахәҭоу еибыҭазар ауп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҳаҟьа иқәырҵоит апырпыл, араҳана, аџыш, ахәысхәа уҳәа ауҭраҭыхжәлақәа. Раԥхьа апырпыл бзианы иҟәаҟәатәуп,анаҩс иаҭаху ахаа-мыхаақәеи аџьыкхыши арҭоит. Аџьыкхыш ибзианы иаҭатәуп, избанзар ахаҳәи ахаҳәи рыбжьара иара ауп изхыхуа апырпыл.
Аҷандара ақыҭа аџьыка аҟаҵара - Sputnik Аҧсны
7/11
Аҳаҟьа иқәырҵоит апырпыл, араҳана, аџыш, ахәысхәа уҳәа ауҭраҭыхжәлақәа. Раԥхьа апырпыл бзианы иҟәаҟәатәуп,анаҩс иаҭаху ахаа-мыхаақәеи аџьыкхыши арҭоит. Аџьыкхыш ибзианы иаҭатәуп, избанзар ахаҳәи ахаҳәи рыбжьара иара ауп изхыхуа апырпыл.
© Sputnik / Томас ТхайцукАлла Сабуаԥҳа–Чычԥҳа аҳаҟьа иацу амаҭәахәқәа зегьы ланхәа илҭынханы илымоуп, иџьынџьуп ҳәа иԥхьаӡаны дахӡыӡаауеит.
Аҷандара ақыҭа аџьыка аҟаҵара - Sputnik Аҧсны
8/11
Алла Сабуаԥҳа–Чычԥҳа аҳаҟьа иацу амаҭәахәқәа зегьы ланхәа илҭынханы илымоуп, иџьынџьуп ҳәа иԥхьаӡаны дахӡыӡаауеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАраҳана, акама, акәлындыр ажәла, аџыш уҳәа ахаа-мыхаақәа аџьыка иарҭо Алла Сабуаԥҳа-Чычԥҳа лхала иаалрыхуеит.
Аҳаҟьаҟны аџьыка аилалара ианалагалак ибаҟаӡа иҟамларц азы аӡы аҭатәуп, ижәпаӡа иҟалар иманшәалахаӡом.
Аҷандара ақыҭа аџьыка аҟаҵара - Sputnik Аҧсны
9/11
Араҳана, акама, акәлындыр ажәла, аџыш уҳәа ахаа-мыхаақәа аџьыка иарҭо Алла Сабуаԥҳа-Чычԥҳа лхала иаалрыхуеит.
Аҳаҟьаҟны аџьыка аилалара ианалагалак ибаҟаӡа иҟамларц азы аӡы аҭатәуп, ижәпаӡа иҟалар иманшәалахаӡом.
© Sputnik / Томас ТхайцукЛитрак аџьыка ухыхырц азы сааҭк инеиҳаны аҳаҟьа уқәзар ауп.
Аҷандара ақыҭа аџьыка аҟаҵара - Sputnik Аҧсны
10/11
Литрак аџьыка ухыхырц азы сааҭк инеиҳаны аҳаҟьа уқәзар ауп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҳаҟьаҿы иухыхуа аџьыка, хымҧада агәабзиаразы хәарҭара алоуп.
Аҷандара ақыҭа аџьыка аҟаҵара - Sputnik Аҧсны
11/11
Аҳаҟьаҿы иухыхуа аџьыка, хымҧада агәабзиаразы хәарҭара алоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0